
pressadmin-2
Аҳазалхыҩцәеи Аԥсны адәныҟаекономикатә усура алахәылацәеи акурорттә сезон алагаанӡа иӡбатәны иҟоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акурорттә сезон алагара аламҭалазы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҿы аусдкылаҩцәа рԥылара мҩаԥысит.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аструктуратә ҟәшеиҵақәак рнапхгаҩцәеи атәыла адәныҟаекономикатә усура алахәылацәеи акурорттә аамҭахәҭа аламҭалазы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа атауарқәа рахгара иадҳәаланы ицәырҵуа ауадаҩрақәа ирылацәажәеит.
Аиԥылара аҿы зыԥшра ҟамҵакәа жәларбжьаратәи аҳазалхратә усеицуа аганахьала азхьаԥшреи зыӡбареи алыршатәу еиҳа ихадоу азҵаарақәа алкаахеит.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы азинтә ҟәша аиҳабы Анана Гогохиа, аҳазалхратә Еилаки адәныҟаекономикатә усура алахәылацәеи русеицура иааизакны атәыла инанагӡо аҳазалхратә политика хра злоу анырра анаҭоит ҳәа иазгәалҭеит.
Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа изакәанымкәа 1000 пачка инарзынаԥшуа асигареҭ аиагара ԥхьдырҟәҟәааит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Краснодартәи аҳазалхра Ганрацәалатәи амашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә аҳазалхратә Ҭыԥ «Адлер» аусзуҩцәа атранспорттә хархәагақәа аҳәаахьчаратә гәаҭара аусзуҩцәа рыцны Аԥснынтәи иаауаз автомашьына Citroen C4 ааныркылеит. Автомашьына амобилтә аинспекциа-гәаҭаратә комплекс ахархәарала агәаҭараан автомашьына аҩныҵҟа агәҩара рызцәырызгаз аҭыԥқәа аарԥшхеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.
«Амашьына «игәҩараз» аҭыԥқәа ргәаҭараан иаарԥшхеит уаҟа иҭаҵәахыз аҭаҭын аалыҵ», – ҳәа еиҭеиҳәеит Краснодартәи аҳазалхра Ганрацәалатәи амашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә аҳазалхратә Ҭыԥ «Адлер» аиҳабы Алеқсеи Быков.
– Амашьына иҭаҵәахын 490 пачка (9800 цыра) асигареҭ «BUSINESS ROYALS».
Иҭаҵәахыз атауар азы азҵаара аҭак ҟаҵо амашьына аԥсҟы зкыз уи азы акагьы издыруамызт, «урҭ уажәада имбаӡацт» ҳәа иҳәеит.
Уи аԥхьа мышкы шыбжьаз иаанкылан Аԥснытәи иаауаз даҽа машьынак Ford Focus. Иарбоу автомашьына амобилтә аинспекциа-гәаҭаратә комплекс ахархәарала агәаҭараан агәҩара рызцәырызгаз аҭыԥқәа аарԥшхеит, уи рыҩныҵҟа иҭаҵәахыз асигареҭқәа рыԥшааит. Араҟа иҭаҵәахын 480 пачка (9600 цыра) асигарет «BUSINESS ROYALS».
УА адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥысыз аиԥылара аҿы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа 60-тәи араунд амшхәаԥштә зҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Хәажәырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 28 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара мҩаԥысит.
Аԥсны аганахьала аиԥылара иара убас рхы аладырхәит аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡбеи Аигәатәи Мрагылареи Африкеи рдепартамент аиҳабы Артур Гагәылиеи.
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа 60-тәи араунд аламҭалазы аиԥылара иалахәыз еиҳа актуалра злоу аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу араунд амшхәаԥштә зҵаарақәа ирзааҭгылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аконсультациақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ҩаԥхьа ипроблеманы инханы иҟоу Қырҭтәылеи Аԥсни, Қыҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.
Иазгәаҭан Гал араиони Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа иаԥну араионқәеи рҿы, хҭысқәак азгәоумҭозар иааидкыланы аҭагылазаашьа шҭышәынтәалоу. Убри аан иара убасгьы аԥсны-қырҭтәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аделимитациеи анаҩс адемаркациеи ирыдҳәалоу апроцесс аусура аларгараз иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара шхымԥадатәиу азгәаҭан.
Аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә Еилакы аҿы азакәан апроектқәа фба иахәаԥшит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥшьаша, хәажәкырамза 28 рзы аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апарламент апресс-маҵзура.
Аилатәара аҿы иахәаԥшит азакәан апроектқәа фба:
- «Абылрацәыхьчаратә дҵақәа рзы атехникатә регламент».
- «Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа радҵааларақәа аԥҟарақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы».
- «Аҳәынҭқарратә аахәарақәа рзы» .
- «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳаиртә Закәанеидкыла аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы».
- «Еиҭамҵуа амазара акадастр азы».
-«Еиҭамҵуа амазара акадастр азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан адкылара инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы».
- «Атауартә џьармыкьақәа рҿы амонополиатә усура аԥкрақәа ралагалареи аконкуренциеи рзы».
«Абылрацәыхьчаратә дҵақәа рзы атехникатә регламент» азакәан апроект ианахәаԥш ашьҭахь, апарламенттә Еилакы иарбоу азакәан апроект иааиуа Апарламент асессиа ахь ахәаԥшразы анагара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи Шьамтәыла Абанк Хада ахадеи абанктә система аҿы аусиецура иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мохаммад Џьалал-иԥа Али Шьамтәыла Абанк Хада ахантәаҩы Мохаммад Ессам Хазмех диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аиԥылара аҿы аганқәа аҩ-тәылак рыбжьара абанктә система аҿы аусеицура иаҵоу аҵакы ахадара азгәарҭеит, Шьамтәылеи Аԥсни рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадара аҿиареи амҩаԥгареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, иара убас абанктә зҵаарақәа рыла аспециалистцәа наҟ-ааҟтәи реиҭанеиааира алыршара шхымԥадатәиу азгәарҭеит.
Гагра ақалақь аҿы иаадыртраны иҟоуп 100 ҭыԥк змоу ахәыҷбаҳча.
Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамзазы Гагра ақалақь аҿы шәҩык ахәыҷқәа рзы ашәқәа аанартуеит ахәыҷбаҳча ҿыц. Уи алыршахеит араионтә биуџьет аҟынтәи имҩаԥгаз афинансркара иабзоураны.
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынба лажәақәа рыла, ашколнӡатәи аусбарҭақәа разымхара – ари акрызҵазкуа проблемоуп.
«Ҳара араион аҿы аус зуа ф-хәыҷбаҳчак рахьынтә ҩба ақалақь аҿы ишыҟоугьы, акыр ҵуеит аҭыԥқәа разымхара апроблема ҳамоуижьҭеи. Убри аҟнытә араион Ахадара аҿы Абазгаа рымҩала ахәыҷбаҳча ареконструкциа амҩаԥгаразы аӡбамҭа рыдыркылеит», – ҳәа илҳәеит лара.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа иарбоу аобиект аҿы ахыркәшарахь инеихьеит, ахәҭакахьала ихымԥадатәиу аинвентарьгьы ааргахьеит.
Аусбарҭа аҿы ԥшь-гәыԥк аадыртуеит, урҭ рҿы аҽазыҟаҵарақәа аԥсышәала мацара имҩаԥыслоит. Хана Гәынба лажәақәа рыла, иахьазы еиқәдыршәахьеит ахәыҷқәа рсиақәа, иара убас аперсонал азы (ааӡаҩцәа, ахәыҷхылаԥшыҩцәа, ахәыҟаҵаҩцәа, атехникатә усзуҩцәа, уҳәа). иҭацәу аҭыԥқәа рахь арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥысуеит.
«Хымԥада иазгәаҭатәуп, аҳәынқарратә маҵурауаа рхәыҷқәа ахәыҷбаҳчахь рыдкылара априоритеттә ҟазшьа аиуоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.
Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Стройцентр Проект» анардкыларатә еиҿкаара ахаҭарнак Сергеи Биџьба ишеиҭеиҳәаз ала, аусурақәа зегьы иазԥхьагәаҭоу аграфик инақәыршәаны имҩаԥысуеит, урҭ реиҳаракгьы нагӡоуп.
«Уажәы ҳара ахәыҷбаҳча иаҵанакуа аҵакыра аиқәыршәазаара иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥаҳгоит. Аобиект ахархәаразы рыҭара азԥхьагәаҭоуп лаҵарамза, 2024 шықәсазы. Аргылара-монтажтә усурақәа рыпроект-харџьынҵатә хәыԥса 58 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Гагра ақалақь аҿы аԥшаҳәа Хада ареконструкциа мҩаԥыргоит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь аԥшаҳәа Хада ареконструкциа актәи аетап ԥхынҷкәынмза 2023 раахыс имҩаԥысуеит. Иарбоу аусурақәа рхымԥадатәра еилкаахеит иҳаҩсыз ашықәс абҵарамзазы иҟалаз аԥсабаратә цәырҵра бааԥсы ашьҭахь. Усҟан Аԥсны агаҿа азегьы иахаҵанакуа акыр аԥсахасҭа аиуит.
«Гагра ақалақь аҿы ари аҩыза амшцәгьа аҵыхәтәаны иҟалахьан 70 шықәса раԥхьа. Ҳара иаразнак ҳаԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара ҳалагеит, уи шьаҭанкыла еилабган», - ҳәа иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цишба.
Зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа агаҿа аҵакыра амҽхак 1800 метра рҟынӡа инаӡоит, ашьаҟамҩатә зонақәа 10 нызықь ԥшьыркцатә метр иҟоуп. Иахьазы имҩаԥгоуп еилабгаз аԥшаҳәа аԥҽыхақәа рықәгара, иара убас аҭахкагақәа рҵыргәақәа абетон ақәырҭәаразы аҽазыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥысуеит. Убасҵәҟьа акоммуникациақәа рышьҭаҵара иаҿуп. Анаҩстәи аетап ала аграниттә хаҳәцәы ақәҵареи арлашагатә шьаҟақәа рыргылареи абаркьылқәа рышьақәыргылареи мҩаԥгахоит.
Аргылараҿы ахархәара аиуоит акаррозиеи амшынӡы аҵаареи иацәымшәо иҷыдоу амаҭәахәқәа. Иаагозар арлашагатә шьаҟақәа, Адамыр Цишба иажәақәа рыла, ицинрку аиха иалххоит, уи иабзоураны ашьаҟақәа рхархәара аҽҳәара акыр иацҵахоит.
«Абаркьылқәеи арлашагатә шьаҟақәеи ҳара иаҿаҳҵеит Урыстәыла, агранит акәзар – Ҭырқәтәыла. Ааигәа уи зҭоу аӷба Аҟәаҟа иаараны иҟоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Адамыр Цишба.
Џьансыхә Нанба: аҳаирбаӷәаза ааигәа-сигәа иҟоу аҩнқәа рҿы инхо ауаа даҽаџьара рыхгара азы аинформациа ҵабыргӡам.
Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо хәажәкырамза 27 рзы имҩаԥысыз Бабышьра ақыҭа ауааԥсыреи иареи реиԥылара далацәажәеит.
Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, атәыла анапхгара аԥшьгарала, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҵакыраҿы аҳаирбаӷәаза ааигәара инхо ауааԥсыра рԥылара мҩаԥысит.
«Ари аиԥылара ақыҭа ауааԥсыра аҳаирбаӷәазеи уи аинфраструктуреи рыҿиареи рреконструкциеи азы апланқәа рзы адырра рыҭара хықәкыс иаман. Актәи аетап иазԥхьагәанаҭоит 2024 шықәса рзы аҳаирбаӷәаза аус арура. Ҳара ауаа ирзеиҭаҳҳәеит уажәы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа иарбан етап аҿы иҟоу, аҵыԥраа-тәарҭатә цәаҳәа аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа атәы, ҳаԥхьаҟа зхархәара алмыршахо ахыбрақәа рықәгара шымҩаԥысуа атәы. Ҳара иара убас аҳаирбаӷәаза аҿиара аперспективтә план ҳалацәажәеит, ахәҭакахьала, аҳаирбаӷәаза аҵакыра аладатәи ахәҭа аганахьала уи арҭбаара азԥхьагәазҭо аҩбатәи аетап ҳазааҭгылеит», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.
Аԥснытәи аспортсменцәа 18 шықәса зхымҵыц арԥарцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Урыстәыла аԥхьахәгара рхы аладырхәуеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 26 рзы Ориол ақалақь аҿы иалагеит 18 шықәса зхымҵыц арԥарцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Урыстәыла Аԥхьахәгара. Атурнир рхы аладырхәуеит еиуеԥшым акапантә категориақәа ирыҵанакуа 11-ҩык аԥснытәи аспортсменцәа.
48 кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылоит Мурад Пкьын, а/к 51 кьыла иҟоу рыбжьара – Никита Лежьиа, а/к 55 кьыла иҟоу рыбжьара – Алан Герзмаа, Даниил Допуеи Максим Адлеибаи, а/к 65 кьыла – Баграт Сақаниеи Даниил Ԥлиеи, а/к 71 кь – Леон Малиа, а/к 80 кьыла – Леонид Арсҭаа, а/к 92 кьыла – Роман Маркариан, а/к 110 кьыла – Сулхан Хәытаба.
Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла адунеи Европеи Раԥхьахәгарақәа ирылахәхо Урыстәыла еизгоу акоманда аԥҵахоит.
Адепутат Ҭемыр Беиа Апарламент аҿы адгьыл азҵаарақәа рыӡбара иадҳәалоу аҭагылазаашьа далацәажәеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Беиа Аԥсны массала адгьылқәа рыҭира мҩаԥысуеит ҳәа ауаажәларра рыҩныҵҟа иҟоу ацәажәарақәа дрыхцәажәеит.
Ҭемыр Беиа «напхгара зиҭо Аилак ахь адгьылқәа рхархәара, ахықәкы аԥсахрала категориак аҟынтәи даҽа категориак ахь аиагаразы хыԥхьаӡара рацәала аусшәҟәқәа неиуеит» ҳәа иазгәеиҭеит. Иара убас уи Апарламент ахь инеиуа адгьылтә зҵаарақәа рхыԥхьаӡара аҵыхәтәантәи аамҭазы аҽамԥсахӡеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аха сара тәылауаҩыки депутатки раҳасабала агәҭынчымра сызцәырызго ишьақәгылаз атенденциа азгәасымҭар ауам. Лассы-лассы ҳара ҳахь атәыла Анапхгара аҟынтәи еиуеиԥшым адгьылтә зҵаарақәа ахәаԥшразы инашьҭхоит, урҭ заанаҵы ақалақьқәеи араионқәеи Рхадарақәа рҿы иахәҭоу аструктурақәеи акомиссиақәеи ирхысуеит, анаҩс ганрацәала иҭҵаау хра злоу ахықәкқәа змоу аҳасабала Апарламент ахь инашьҭхоит. Аха анаҩс, апроцедурақәа зегьы рхысра ашьҭахь, ҳара зны-зынла адгьылхәҭақәа рхархәаразы азин егьырҭ ахаҿқәа рахь ииасит, мамзаргьы ус баша хархәарада, «игәыгәҭажьны», иаанхеит, уаҟа акгьы мҩаԥысӡом ҳәа ажәабжьқәа ҳаҳауеит. Иҟалар алшоит урҭ (иазоужьыз адгьылхәҭақәеи урҭ қьырала иаанызкылази, мамзаргьы урҭ рхархәаҩцәа) даҽа хаҿқәак рахь аиагара азы «иреиӷьу аамҭақәа» ирзыԥшызар. Адгьыл аҭиразы арзаҳалқәа рацәаны иубар алшоит иахьа аинтернет ҳақәа рыҿгьы. Убри аан ишдыру еиԥш, Аԥсны адгьыл аҭира азы азин ыҟаӡам. Иара убас иҟалалоит иалкаау аобиект аргыларазы адгьыл азоурыжьуеит, аобиект афакт ала иргылахоит, аха аргылара мҩаԥысуеит иарбоу адгьыл 1/20 ахәҭа аҿы, убри аан егьи иаанхаз адгьыл ахәҭа ахархәара амамкәа ишыҟац иаанхоит», - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Беиа.
Адепутат дарбанызаалак атәылауаҩы иԥсҭазаараҿы, аиҿкаара, мамзаргьы анаплакы аусура аҿы аусуратә планқәа, адгьылхәҭақәа рганахьала уахь иналаҵаны, еиуеиԥшым аамҭақәа, ауадаҩрақәа, афорс-мажорқәа, уҳәа цәырҵыр алшоит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аха, аиԥш-зеиԥшу ахҭысқәа анырацәахалак, ари атенденциа алкаақәак рыҟаҵарахь унаргоит. Убри аан сара исыздырӡом аҳәынҭқарреи хазхаҭалатәи ахаҿи рыбжьара аимак –аиҿак иадҳәалоу, мамзаргьы аҳәынҭқарра аԥшьгарала адгьылтә еизыҟазаашьақәа раԥыхра иадҳәалоу хҭыск. Аиҳарак ҳара хазхаҭалатәи ахаҿқәа рыбжьара ицәырҵуа адгьыл аимакра иадҳәалоу ахҭысқәа ртәы ҳаҳауеит. Уаҟа аҳәынҭқарра абжьааԥны арбитр иаҳасабала ицәырҵуеит. Убри аан, аимак-аиҿак аӡбараан, абжьааԥны, аҳәынҭқарра ауп иаҵахо», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит адепутат.
Ҭемыр Беиа аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы апарламенттә Еилакы аҿы иусура аамҭа иалагӡаны иколлегацәеи иареи «адгьылхәҭақәа шәҟәыла реиқәышәареи анаҩс урҭ егьырҭ ахаҿқәа рахь рыиагареи «ззанааҭс ишьҭызхыз» џьоукы-џьоукы зныкамкәа-ҩынтәымкәа адгьыл иадҳәалоу аусшәҟәқәа реиҳарак аҿы рцәырҵра иадҳәалоу афактқәа ирықәшәахьеит», ҳәа иазгәеиҭеит.
«Избан убри аарԥшра залмыршахо аусшәҟқәа Апарламент ахь инеиаанӡа?» - ҳәа азҵаара ықәиргылоит адепутат Ҭемыр Беиа. "Уи даараӡа агәарагара сцәыуадаҩуп!"
Адепутат агәра ганы дыҟоуп адгьыл хәҭақәа ззоурыжьхо ахаҿқәа рыбжьара ахархәаҩцәеи ақьырагаҩцәеи, аиҳарак идуум адгьылхәҭақәа рҿы ахатәы нхамҩа змоу рыбжьара зыламыс цқьоу ауаа шыҟоу.
Ҭемыр Беиа иажәақәа рыла, ас еиԥш иҟоу азҵаарақәа Апарламент аԥхьа инаргыланы иахәаԥшуеит.
«Иҳәоу зегьы азхәыцразы иматериалны аҟазаара адагьы, атәылауааи еиҵагылараны иҟоу абиԥарақәеи ирыхәартә еиԥш адгьылтә зҵаарақәа рыӡбара азеиԥш знеишьақәа реиҭахәаԥшра азы ицхыраагӡаны иҟалоит. Ҳара Апарламент аҿы адгьылтә зҵарақәа рыӡбара цқьа ҳацклаԥшны ҳазнеилоит, адгьыл азҵаарақәа зегьы рыла хазы-хазы ақәыргылаҩцәа ааԥхьара раҳҭалоит, иара убас Аилак аилатәарақәа рахь ус иуҳәар ҟалозар, аҭагылазаашьа атәы аҭыԥқәа рҿы издыуа атәыла Анапхгареи аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьалоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Ҭемыр Беиа.
Адепутат иара убас «адгьылхәҭақәа анаҩс хархәашьас ироуз ахылаԥшреи агәаҭареи рмеханизмқәа аиқәышәара» азы ажәалагала ҟаиҵоит.
Аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы Апарламенттә Еилакы «уаанӡа ззоужьра мҩаԥгаз адгьылхәҭақәа, урҭ рхархәара ахықәкызаара, уҳәа ицәырҵуа азҵаарақәа нагӡаны аӡбара залыршахаанӡа иҿыцу адгьылтә зҵаарақәа рыӡбара аанкылара» азы ажәалагала ҟанаҵоит.
Ҭемыр Беиа иара убас ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵоит урҭ ирыҵанакуа аструктурақәа еиҳа инҭырҳәцааны адгьылтә зҵаарақәа рыҭҵаара иазнеиларц азы.
«Избан акәзар, дара роуп зегьы раасҭа еиӷьны аҭыԥаҿы иҟоу аҭагылазаашьа атәы здыруа, урҭ роуп ажәлар рҭынханы, рмалны иҟоу ҳадгьылқәа анаҩстәи рԥеиԥш зыдҳәалоу», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы апарламенттә Еилаы ахантәаҩы, адепутат Ҭемыр Беиа.