Аҟәа. Мшаԥымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Цужба аԥкьаҭмпыл азы урыстәылазегьтәи аицлабрақәа «Ааԥынтәи Ахраҿа» («Весенний Кубок») рҿы 13 шықәса зхыҵуа, I А акатегориа иаҵанакуа рыбжьара, еилоу аихацалакытә аҩаӡара аҿы аџьазтә аԥхьахә игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Аицлабрақәа мҩаԥысуан мшаԥымза 22 – 27 рзы Москватәи аобласть, Мытишьи аҳабла аҿы.
Нестор Цужба Алеқсандр Островски ихьӡ зху Академиа аҿы Алеқсандр Мальцев инапхгарала иҽазыҟаиҵоит. Иара аԥкьаҭмпыл азы Аԥсны аспорт азҟаза Елизабет Акәыциа лааӡамҭа иоуп.