pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны акультура аминистр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр Санкт-Петербург имҩаԥысуа X Жәларбжьаратәи акультуратә форум аусура лхы алалырхәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба А.П.Чехов ихьӡ зху аҟәатәи абжьаратәи ашкол №14 даҭааит. Иара ишкол гәакьа ахь днеит ашколхәыҷқәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәаларц, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апарламент апресс-маҵзура.

«Раԥхьа иргыланы срыдныҳәаларц сҭахуп ашкол ахь раԥхьаӡа акәны зшьапы еихызгаз ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи. Дара рзы иахьа ҷыдала агәыхыҭхыҭра зцу мшуп. Зегьы ирзеиӷьасшьоит аҵараҿы аихьӡарақәа, ақәҿиарақәа, аманшәалара», - ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Адыррақәа рымш аҽны Очамчыра араион ашколқәа рахь раԥхьаӡа ршьапы еихыргеит 180-ҩык ахәыҷқәа, даҽа 100-ҩык – аҽазыҟаҵаратә классқәа рахь. Аныҳәатә цәаҳәақәгылареи раԥхьатәи аҵәҵәабжьи рышьҭахь ишьақәгылаз атрадициа ала,  сынтәа ашкол иалгараны иҟоу рзы еиҿкаан акатер иақәтәаны мшынла аныҟәара.

Очамчыра ақалақь, Ф.Х.Ешба ихьӡ зху абжьаратәи ашкол  N2 аҿы хыԥхьаӡарала ахԥатәи актәи акласс аадыртит. Хыԥхьаӡара рацәала аҵаҩцәа рыҟазаара азгәалҭеит ашкол адиректор Илона Дамениа.   Сынтәа ашол аҿы апартақәа ирхатәараны иҟоуп 500-ҩык ашколхәыҷқәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  29 нызықьҩык рҟынӡа аҵаҩцәа иахьа Аԥсны ашколқәа рахь ицеит. 2,5 нызықьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа раԥхьаӡа акәны ашкол ахь ршьапы еихыргеит.  Дара рзы ауп атәыла 153 школ рҿы раԥхьатәи аҵәҵәабжьы згаз.  Ареспублика аҿы иҟоуп 40 ақалақьтә, 113 ақыҭа школқәа. 

Иу. Воронов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №3 иахьа ашәқәа аанартит 121-ҩык актәи акласс ахь ицаз ахәыҷқәа рзы.  Сынтәа ари ашкол аҿы иҟоуп 30-ҩык аушьҭратә  11-тәи акласс аҵаҩцәа.

Аҟәа. Нанҳәаза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Адырра амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

 

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа, аҵаҩцәа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит иахьатәи аныҳәа – аҵарашықәс ҿыц алагамҭа!

Ари зегьы ҳзы аҵак ду змоу мшуп. Агәырӷьара, агәыхыҭхыҭра зцу ари амш акыр шықәса иаҳхамышҭуа ҳгәалашәараҿы инхоит. 

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи астудентцәеи урҭ рҭаацәеи аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу аҵаҩцәа, астудентцәа!

Гәык-ԥсык ала  ишәыдысныҳәалоит  игәырӷьахәу аныҳәа – Адыррақәа рымш!

Адыррақәа рымш – ари есымша агәырӷьареи ҷыдала агәыхыҭхыҭреи зцу, адырра ҿыцқәеи аихьӡарақәеи иҿыцу аартрақәеи рахь амҩа анылара символра назыгӡо ныҳәоуп.  

Иалагаз  аҵарашықәс ҿыц азы ашкол иалгараны иҟоу роума, актәи акурс ахь зшьапы еихызгаз астудентцәа роума, шәара зегьы шәгәҭакқәа нагӡахааит. Доусы шәыԥсҭазаараҿы ишәыцзааит аманшәалара. Абри аныҳәамш азы аҵаҩцәеи астудентцәеи ишәзеиӷьасшьоит адыррақәа инарываргыланы, аиҩызара, аҵараҿы агәацԥыҳәара. Ижәдыруазааит, дасу шәылшарақәа шмаҷым шәхы аус адужәлалар. Шәхы агәра жәгала, аҵара шәҵала, аҿыц аартрақәа шәрызнеила. Шәахьыҟазаалак аԥеиԥш бзиа змоу Аԥсны шәахаҭарнакуп.

Ҳара қәҿиарала аҵареи аҿиареи рзы зхаҭабзиара ҳараку аҵарадырратә система аиҿкаара иаҵоу аҵакы ахадара еилаҳкаауеит. Атәыла анапхгара ирылшо зегьы ҟарҵоит ашколқәеи арҵаҩцәеи рҭагылаазашьа аиӷьтәразы, аҵаратә система аиҿкааразы. Аҵара — аҵак ду амоуп, уи азы ари ахырхарҭа адгылареи ацхыраареи аҳҭоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Нхыҵ-Уаԥстәыла- Аланиа Ахада Сергеи Мениалои ҭелла реицәажәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭырқәтәыла, Сҭампыл ақалақь аҿы, цәыббрамза 5 – 19 рзы аԥснытәи асахьаҭхыҩцәа  Адамыр Аршба, Асида Аҳәба, Баҭал Џьапуа, Сабина Кәарацхьелиа, Саида Кәыҵниа,  Архип Лабахәуа, Аԥшьа Ҳагба, Диана Хьынҭәба, Асҭанда Чамагәуа,  Олег Ҷедиа русумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥыслоит.   Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.

«Сҭампыл ақалақь агәаны, агалереиа Барын Хан  аҿы, цәыббрамза 5 рзы иаатуеит аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа.  Ацәыргақәҵа агалереиа AUADA алархәны еиҿкаахеит. Уи ахаҭарнакра сареи Аԥшьа Ҳагбеи инаҳагӡоит.  

Асахьаҭыхыҩцәеи Ҭырқәтәыла иқәынхо аԥсуа-адыга жәлар  рдиаспора ахаҭарнакцәа Д. Хуважи С. Ергиуни ҳара иҳадыргалеит Сҭампыл ақалақь аҿы, ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса рзы иҟалаз атрагедиатә хҭыс, Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа маҷӡак ада зегьы ахьалаблыз абылра иазкны ацәыргақәҵа амҩаԥгара.

Аҟәа. Цәыббрамза 1,  2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Аинформациатә телеграфтә усбарҭа (ИТАР-ТАСС) адиректор Хада Андреи Кондрашови уи аусзуҩцәеи аветранцәеи Аинформациатә телеграфтә Агентра 120- шықәса ахыҵра аиубилеи инамаданы дрыдныҳәалеит. Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит аҿы икьыԥхьу адныҳәаларатә телеграмма  атекст аҿы, ахәҭакахьала, иҳәоуп:

Ҳаҭыр зқәу Андреи Олег-иԥа,

Акыр иаԥсоу аҩызцәа,

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Урыстәыла Аинформациатә телеграфтә усбарҭа аиубилеи!

Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Уфа 450 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа дрылахәуп. Иахьа, нанҳәамза 31 рзы Уфа 450 шықәса ахыҵра инамаданы  Башкорҭосҭан Ареспублика асасцәа – Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Беларус Аԥыза-министр Роман Головченко,  Приволжтәи афедералтә округ аҟны Урыстәыла Ахада изинмч змоу ахаҭарнак Игорь Комаров, Казахстан ааглыхреи аргылареи рминистр Канат Шарлапаев – Башкорҭосҭан Ахада Ради Хабиров дрыцны Урыстәыла Афырхаҵа, аинрал-маиор Минигали Шаимуратов ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз Башкорҭосҭан ауааԥсыра зегьы ҳаҭырла иргәаладыршәеит иара убас Намангантәи аобласт хаким Шавкаҭ Абдуразаков, Китаитәи Жәлартә Республика Цицикар ақалақь Жәлар реиҳабыра рнапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Сунь Хен, егьырҭ асасцәа дахьқәа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.