Арҵареи аҵареи - акыр зҵазкуа, иуадаҩу усуп. Арҵаҩцәа рзы – ари ашколхәыҷқәеи астудентцәеи рыԥсҭазаара зегьы аҵара ргәы азыҳәо рааӡара иазку аҭакԥхықәра зцу уснагӡатәуп. Ашкол ахь абри аҽны зшьаҿа еихызго актәи акласс аҵаҩцәа рзы – ари раԥхьатәи арҵаҩы лԥылара, раԥхьатәи аартрақәа ираамҭоуп, ашкол аҿы зҵара ахыркәшараҟны инеиз аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа рзы – ари азанааҭ алхра анымҩаԥысуа иашықәсуп.
Иахьатәи амшныҳәазы ашколхәыҷқәеи астудентцәеи ирзеиӷьасшьоит адыррақәа рырҳара, рдунеихәаԥшра арҭбаара, арҿиара иацу анасыԥ анырра ахьымҩаԥысуа ари арҵаратә процесс қәҿиарала ахыркәшара.
Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп здырреи зԥышәеи изызҳауа ҳабиԥарақәа ирымаздо арҵаҩцәа зегьы.
Агәабзиара, аихьӡарақәа шәзыԥшызааит! Мҩамш!