Аныҳәатә цәаҳәақәгылара аҿы ашкол адиректор Маиа Пагаа аҵаҩцәа аҵарашықәс ҿыц алагара рыдылныҳәалеит.
Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 ахь инеит 58-ҩык актәи акласс ахь ицаз ахәыҷқәа, 29-ҩык азыҟаҵаратә класс ахь ицеит. Ашкол аҿы зынӡа аҵара рҵоит 780-ҩык аҵаҩцәа.
Ашкол адиректор Нонна Делба, аныҳәатә цәаҳәақәгылара аартуа аҵаҩцәа зегьы, аиҳарак актәи акласс ахь ицаз аҵарашықәс ҿыц алагара рыдылныҳәалеит. Лара ахәыҷқәа аманшәалареи аҵараҿы ақәҿиарақәеи арҵаҩцәеи дареи аилибакаареи рзеиӷьалшьеит.
Аԥснытәи ашкол №1 Аԥсны зегьы реиҳа иҿыцу школуп. Иара аартын 1999 шықәсазы. 2004 шықәсазы уи Баграт Шьынқәба ихьӡ ахырҵеит. 25 шықәса рыла ашкол иоунашьҭит 900-ҩык аҵаҩцәа.
Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол N10 аҿы 121-ҩык актәи акласс ахь ицаз ыҟоуп: 59-ҩык ҷкәынцәоуп, 62-ҩык ӡӷабцәоуп. Сынтәа ашол иалгараны иҟоуп 89-ҩык.
Аныҳәатә цәаҳәақәгылара иалагаанӡа игеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә гимн, ишьҭырхит атәыла аҳәынҭқарратә бираҟ.
Ашкол адиректор Аида Кәарҷелиа аҵаҩцәа, аиҳарак актәи акласс ахь ицаз ахәыҷқәа аҵарашықәс ҿыц алагара рыдылныҳәалеит.
«Шәышколтә ԥсҭазаара ашықәсқәа адырра ҿыцқәа рыла игәылҭәахааит. Шәара – еиҵагыло ҳабиԥара ҿыц шәоуп. Агәра ҳгоит адырра бзиақәеи аламыси змоу Аԥсны ҵеи иашаны шәшыҟало. Аманшәалареи аихьӡарақәеи шәзеиӷьаҳшьоит!», – ҳәа илҳәеит лара.