Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи астудентцәеи урҭ рҭаацәеи аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу аҵаҩцәа, астудентцәа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит игәырӷьахәу аныҳәа – Адыррақәа рымш!
Адыррақәа рымш – ари есымша агәырӷьареи ҷыдала агәыхыҭхыҭреи зцу, адырра ҿыцқәеи аихьӡарақәеи иҿыцу аартрақәеи рахь амҩа анылара символра назыгӡо ныҳәоуп.
Иалагаз аҵарашықәс ҿыц азы ашкол иалгараны иҟоу роума, актәи акурс ахь зшьапы еихызгаз астудентцәа роума, шәара зегьы шәгәҭакқәа нагӡахааит. Доусы шәыԥсҭазаараҿы ишәыцзааит аманшәалара. Абри аныҳәамш азы аҵаҩцәеи астудентцәеи ишәзеиӷьасшьоит адыррақәа инарываргыланы, аиҩызара, аҵараҿы агәацԥыҳәара. Ижәдыруазааит, дасу шәылшарақәа шмаҷым шәхы аус адужәлалар. Шәхы агәра жәгала, аҵара шәҵала, аҿыц аартрақәа шәрызнеила. Шәахьыҟазаалак аԥеиԥш бзиа змоу Аԥсны шәахаҭарнакуп.
Ҳара қәҿиарала аҵареи аҿиареи рзы зхаҭабзиара ҳараку аҵарадырратә система аиҿкаара иаҵоу аҵакы ахадара еилаҳкаауеит. Атәыла анапхгара ирылшо зегьы ҟарҵоит ашколқәеи арҵаҩцәеи рҭагылаазашьа аиӷьтәразы, аҵаратә система аиҿкааразы. Аҵара — аҵак ду амоуп, уи азы ари ахырхарҭа адгылареи ацхыраареи аҳҭоит.
Гәык-ԥсык ала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Аԥсны аҿар реиҵааӡара, рдыррақәа реизырҳара зымч-зылша, зхы-зыԥсы азызкуа арҵаҩратә еилазаареи урҭ ирывагылоу аҭаацәеи. Шәара шәҟәыӷареи шәԥышәеи шьаҭас иаҭаны, ҳхәыҷқәа аҵара ргәы азыҳәо иҟашәҵоит, рааӡара шәнапы алакуп.
Ҳаҭыр зқәу аҵаҩцәеи астудентцәеи! Шәара, еизҳауа абиԥара ҿа - ҳтәыла аԥхьаҟатәи аԥеиԥш, ҳмилаҭ ахаҿра. Шәара шаҟа ҵарадыррала шәеиқәшәаны, ауаҩра шәыланы ишәызҳауа, убриаҟара еизҳазыӷьалоит, ишәҭыкакаҷлоит ҳ -Аԥсынра.
Агәра згоит шәхы аџьабаа анашәырба, зегьы иреиҳау аҩаӡарахь ахалара шшәылшо , шәеихьӡарақәа рыла ҳтәыла шәызгәдуны шәшыҟало. Ишәгәаласыршәарц сҭахуп, ҳтәыла акыр аԥышәарақәа шахҭнагахьоу, зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аргыларазы азинқәа хьчо.
Аҭынчреи асуверенитети Аԥсны иреиӷьыз аҵеицәа рыԥсҭазаарақәа ахҭнырҵеит. Агәра згоит, урҭ рфырхаҵарақәа шәхамыршҭкәа, шәымч-шәылша зегьы аҵара, адырра аиура ишазышәкуа, ҭынч нхара шәымазарц азы иқәҧоз шәеиҳабацәа рус ишацышәҵо! Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит Адыррақәа рымш!», - ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.
Аҳәынҭқарра Ахада ашколхәыҷқәеи астудентцәеи ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, аманшәалара, иахьа иалагаз аҵарашықәс ҿыц аҿы аихьӡарақәеи ақәҿиара дуқәеи.