Иахьа 20 шықәса ҵит Урыстәыла аҭоурых ҿыц аҟны зеиԥш ҟамлацыз, ихлымӡааху ахҭыс -Беслантәи атрагедиа ҟалеижьҭеи.
Ауаԥс жәлар зегьы гәыла-ԥсыла дрыдгыло, Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, егьа аамҭа царгьы Беслантәи атрагедиа хашҭшьа шақәым, цәгьаԥсышьала иҭархаз ауаа ргәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҟны ишынхо.
«Аԥсны жәлар зегьы шәхьаа ду шәыцеиҩыршоит. Ҳара ҳхықәкы хада - уаҳа уи аҩыза ҟамларц азы ҳамчқәа еилаҵаны ҳаидгылара ауп», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.