
pressadmin-2
Аурыс драматә театр актиорцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп.
Сухум. 29 марта 2029. Апсныпресс. Аслан Бжьаниа Аурыс драматә театр актиорцәа Абыхәба Осман Олег-иԥа, Депелиан Рубен Аркади-иԥа, Спафопуло Серафима Харлампи-иԥҳа, Шишкин Кирилл Алеқсандр-иԥа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рхиҵеит.
Аԥснытәи аделегациа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рылахәхара рҽазыҟарҵоит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа Аԥсны ахьӡала иалахәхо азыҟаҵаҩ хадацәа, аспорт хкқәа рыла Афедерациақәа рхаҭарнакцәа рԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылара мҩаԥигон Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны амилаҭтә еизгоу аделегациа ахада Беслан Карчаа.
Акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазкын имҩаԥысыз Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилаки атуризм Аминистрреи аенергетикеи атранспорти Рминистрреи рхаҭанакцәа реиԥылара.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә аамҭахәҭа алагара аламҭалазы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҿы атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Занҭариеи Аԥсны аенергетикеи атранспорти Рминистрра ахаҭарнак Асҭамыр Бганбеи рԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқаратә ҳазалхратә Еилакы аофициалтә саит.
Аиԥылара аҿы ирзааҭгылеит аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа атауарқәеи атранспорттә хархәагақәеи рыиасра иадҳәалоу актуалра злоу апроблемақәа.
Ахәҭакахьала, ирылацәажәеит аекскурсиатә автобусқәа аҳәаа рахысра иаго аамҭа аеиҳа рмаҷразы иҟаҵатәу, иарбоу атранспорт ахкы аганахьала аҳазалхратә шәҟәҭагалареи аҳазалхратә гәаҭареи рзы априоритеттә режим аиҿкаара ахархәара, иара убас жәларбжьаратәи аидарамҩангарақәа рынагӡара иадҳәалоу апроблемақәакгьы ирылацәажәеит.
Аорӷанрҳәаҩы Сергеи Буткеев Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Будкеев С.М. «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:
«Аԥсны аклассикатә музыкатә ҟазара арҿиареи аларҵәареи рыҟны илагаламҭазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит аорӷанрҳәаҩы, Алтаитәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Будкеев Сергеи Михаил-иԥа».
Хара имгакәа Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы иҿыцу аԥҟарҭа аатуеит.
Аҟәа. Хәжәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара-рҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит. Ари амедицинатә усбарҭа аҿы 30 – шықәса раахыс изеиԥшразаалак аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгаӡамызт. Аусурақәа ралагара акоронавирус апандемиа иақәшәеит, убри аҟнытә аиҭашьақәыгыларатә усурақәа шымҩаԥысуазгьы 2021 шықәсазы 50 шьҭаларҭа ҭыԥ азоужьын ари аҿкы чымазара злаҽыз рыхәышәтәра азы.
Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Индира Арсалиа усҟан аусура шаҟа имариамыз атәы далацәажәеит.
«Аҳақьымцәа русура аҿы инхон ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Усҟан аҭыԥантәи Ахадара иҟанаҵаз ацхыраара ахә ашьара уадаҩуп. Уи ахәышәтәырҭа акырӡа ихымԥадатәииз аҵәыҵәритә станциа ала аиқәыршәара алнаршеит. Иаахәан агазификатор, уи иабзоураны апалатақәа зегьы рахь аҵәыҵәри анагаразы еизаку асистема аԥҵара алыршахеит, уаанӡа еиԥш акыр иуадаҩу аҵәыҵәритә балонқәа рырҳәазара аҭахны иҟамлаӡеит», – ҳәа еиҭалҳәеит лара.
Амедицинатә наукақәа рдоктор Иван Стилиди награжден «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьоуп.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала Стилиди И.С. «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьоуп.
«Иҳараку апофессионалтә ҟазаразы, агәабзиарахьчара аҿиараҟны илагаламҭазы, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа амедицинатә цхыраара рыҭара аиҿкааразы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьазааит Н.Н. Блохин ихьӡ зху Аонкологиазы амилаҭтә медицинатә ҭҵааратә центр адиректор, апрофессор, УА Амедицинатә наукақәа Ркадемиа алахәҩыла-акорреспондент, УАР академик Стилиди Иван Сократ-иԥа».
Аслан Бжьаниа 2024 шықәса мшаԥымза-рашәарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзурахьы рааԥхьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада 2024 шықәса мшаԥымза-рашәарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзурахьы рааԥхьареи ааԥхьарала арратә маҵзура иахысуа арратә маҵзураҟнытә рхы рақәиҭтәразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:
«Арратә ԥхықәреи арратә маҵзуреи рзы» 2014 шықәса лаҵарамза 06 аҟнытә Nº 3498-c-V Азакәани «Атәылахьчаразы» 2006 шықәса ажьырныҳәамза 04 аҟнытә Nº 1224-c-XIV Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәани шьаҭас иаҭаны:
Иури Акаба награжден «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьоуп.
Аҟәа. Хәажәкыамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала Иу.Г. Акаба ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара.
Аслан БжьаниаАҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгара алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аиԥылараҟны ирылацәажәеит аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитика, асоциал-економикатә ҿиара, ашәарҭадара алыршареи, атәыла аԥсҭазаараҟны егьырҭ ахырхарҭақәеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа.
Ирылацәажәеит араионқәа рекономикатәи рсоциалтәи ҿиара, иара убас 2024 шықәса аҩбатәи аквартал аан аусураҿы ихадароу ахырхарҭақәа. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ахырхарҭақәа зегьы рыла аусеицура алыршара иамоу аҵакы.
Аԥсны Аҳәынҭкарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациаҟны иусуратә ныҟәара хиркәшеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭкарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациаҟны иусуратә ныҟәара хиркәшеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Москва иусуратә ныҟәарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигеит. Аԥсны Ахада дызлахәыз аиԥыларақәа мҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭаҟны, ҷыдала, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Антон Ваинои уи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки дырԥылеит. Асоциал-економикатә аҿиара иадҳәалаз ҩ-ганктәи азҵаарақәа ирылацәажәеит.