Жәабранмза 15, хәажәкырамза 1 рзы Аԥсны имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа актәии аҩбатәи атурқәа. Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа алҵшәақәа рыла Бадра Гәынба аҳәынҭқарра Ахадас далхуп, хәажәкыра 3 рзы Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡарахь дхынҳәит, мшаԥы 2 рзы имҩаԥысраны иҟоу аҭоубашьҭаҵаратә усмҩаԥгатә иҽазыҟаиҵоит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Ахада иалхрақәа ирыхҟьаны атәылаҿы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара инамаданы, урыстәылауаа Аԥсныҟа аныҟәарақәа рҽырцәырхьчаларазы иҟанаҵахьаз абжьгарақәа аԥнахит.
«Москва ирдыруеит иахьатәи аамҭазы Аԥсны аҭагылазаашьа шҭышәынтәалоуп. Москвеи Аҟәеи еицхырааны ареспубликаҿы атуристцәа маншәаларыла рыҟазааразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иаҿуп. Арахь иаҵанакуеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи, аушьҭратә ҭыԥ «Адлер» арҭбаареи, аҭыԥантәи ахәшәтәырҭатә усбарҭақәа рылшарақәа реизырҳареи, азинхьчаратә усбарҭақәа русеицура аҿиареи», ҳәа иаҳәоит Урыстәыла Адхәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәамҭ аҿы.
Аԥсны аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара ҳасаб азуны, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра хыхь зыӡбахә ҳәаз абжьгарақәа аԥнахуеит.
«Аԥсныҟа ацара зҭаху аурысцәа рыгәҭакқәа рынагӡара иалагар рылшоит», - ҳәа иаҳәоит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра амассатә информациа ахархәагақәа рзы иҟанаҵаз аҳәамҭа атекст аҿы.