Аибашьра ҟалаанӡа Едуард Касланӡиа, Руслан Лагәлааи Борис Инаԥшьбеи Аԥсуа драматә театр аҿы Шьалуа Гыцба инапхгарала еиҿкааз ахаԥшьгаратә театралтә гәыԥ иалан. Аԥсуа гвардиа иалахәын.
Ажурнал «Алашара» аредактор Хада Анатоли Лагәлаа, урҭ рыҿиаратә усура далацәажәо Руслан Лагәлаа иҩыз ажәеинраала даԥхьеит. «Ари атеатр Аԥсны ахи-аҵыхәеи еимнадеит. Ҽынла урҭ аргыларатә трест №1 аҿы аус руан, хәылбыҽхала – атеатр аҿы арҿиаратәбаҩхатәра аадырԥшуан. Арҭ аибашьцәа – афырхацәа рыԥсҭазаара аибашьра иҿахнаҵәеит, урҭ рыхьӡқәа наунагӡа Аԥсны аҭоурых ианылеит, ргәалашәарагьы ҳмырӡроуп», – ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Вианор Агәхаа иажәақәа рыла, иҭахаз аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркы рыԥсадгьыл ахьчаразы игылеит. Аӷа иԥылеит Аҟәа, ацҳа Ҟаԥшь аҟны.
Аветеран иазгәеиҭеит, дара рхала ишырҭаххаз ари ажәылара алахәхара. Акыр аамҭа рыԥсыбаҩқәа рзыԥшаауамызт. Едуард Касланӡиеи Руслан Лагәлааи рыԥсыбаҩқәа аибашьра ашьҭахь Ареспубликатә хәшәтәырҭа азааигәара анышә иахьамадаз рыԥшааит, доусы ргәараҭақәа рҿы анышә иамардеит. Борис Инаԥшьба иԥсыбаҩ еилкааны, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы анышә дамардеит шықәсқәак раԥхьа.
Руслан Лагәлаа Леон иордени «Агәымшәаразы» амедали ианашьоуп, Борис Инаԥшьба – Леон иорден, Едуард Касланӡиа – «Агәымшәаразы» амедал.
1993 шықәса март 15-16 рызтәи ажәылара лҵшәадахеит, аԥсуа архәҭақәа хьаҵыр акәхеит. Еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа изларҳәо ала, Аҟәа агаразы ари ажәылараан аԥсуа аруаа 222-ҩык ҭахеит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.