pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Мшаԥымза  5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа, 1991 шықәсазы ииз Грачиов Сергеи Сергеи-иԥеи 1985 шықәсазы ииз Лашкова Викториа Евгени-иԥҳаи Аԥсны аҵакыра аҿы иӷәӷәоу ацәгьоура  – зыкапан дуу анаркотиатә маҭәашьар анаҩс аҭира хықәкыс иҟаҵаны изакәанымкәа аахәареи аиагареи аҵәахреи рзы ахара рыдҵоуп.

Сергеи Грачиови Викториа Лашковеи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшра азы Аусбарҭеи Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә  ҟәшеи русзуҩцәа еицынарыгӡаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа раан, Гәымсҭа ақыҭан, иарбоу ахаҿқәа Бзыԥтәи амҩаду ала амашьына иақәтәаны ишцоз иааныркылеит.  

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 10 рзы, Москва ақалақь аҿы Москватәи аԥсуа диаспора еиҿнакаауа,  Фазиль Искандер диижьҭеи 95-шықәса аҵра иазку ахәылԥаз мҩаԥысраны иҟоуп.

«Ари ҳара зегьы бзиа иаабоз, ҳаҭыр ду зқәаҳҵоз Фазиль изку агәалашәарақәеи аинтерес зҵоу ажәабжьқәеи рыда аклассик ирҿиамҭақәа  «аҟазаара ҳаамҭазтәи асиужет» иахьатәи Аԥсны аҿы иҿыцу, еиҳа иқәыԥшу аԥхьаҩцәа рабиԥара ахаҭарнакцәа рыблала аарԥшра аҽазышәара ауп», – ҳәа иҳәеит «Москватәи Аԥсуа Диаспора» ахада Беслан Агрба.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апаламент адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала «2024 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы»  Азакәан ахь ариашарақәа аларгалеит.

 Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредитә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь. 

«Ԥхынгәымза, 2023 шықәса рзы Апарламент адепутатцәа «2024 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы» Азакәан рыдыркылеит. Аҟәа араион абиуџьет ахь азакәан аԥсахрақәа аларгалаанӡа 98,4 миллион мааҭ аԥаразшәара азԥхьагәаҭан.

Иҳаҩсыз афинанстә шықәса аихшьаалақәа рыла, араион аҿы апрофицит шьақәгылеит.  Афинансқәа Рминистрра адыррақәа рыла, ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса рзы Аҟәа араион абиуџьет ахыԥхьаӡаратә ԥхьаӡарақәа рҿы иаанханы иҟан 37 миллион мааҭ иеиҳаны», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Беслан Ҳалуашь.   

Атәыла афинанстә ресурсқәа еиҟараны реихшареи арепсубликатә биуџьет ахархәагақәа еффективла рхархәареи рзы, Апарламент аҿы Аҟәа араион абиуџьет ахь ареспубликатә ԥаразшәара 37 миллион мааҭ рыла аркьаҿреи иарбоу аԥаратә хархәагақәа  ари араион аҿы аргылара-еиҭашьақәыргылаатә усурақәа рымҩаԥгара  азы шьаҭанкылатәи аргылара азы Аусбарҭа ахь адәықәҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҵарауаа ҿарацәа злахәыз аиԥылара мҩаԥигеит.  Аҵарауаа ҿарацәа реидгыла актәи аилатәара иалахәыз аԥсшәа раҳәо, аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит аҭҵаарадырра амаҵ ахьазыруазы, амчхара аусбарҭақәеи аҵарауаа ҿарацәеи русеицура қәҿиарала имҩаԥыслоит ҳәа агәра шиго иҳәеит. 

«Ҳара ҳтәыла ари, ма ани азҵаара инамаданы алкаа ҟазҵо аспециалистцәа аҭахуп. Абас еиԥш иҟоу ауаа шаҟа ирацәахо аҟара, ҳтәыла анапхгарагьы ирыдыркыло азыӡбақәа иашахоит», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҭҵаарадырра азҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иабжьгаҩ Милана Бжьаниа лықәгылараҿы иазгәалҭеит иахьа аԥсуа уаажәларра аҭҵаарадырратә еилазаара аҩныҵҟа адырра ҵаулақәа змоу иҿыцу аҭҵаарадырратә еидгыларақәа рышьақәыргыларазы азыҳәара шыҟоу. 

Аҿар аҭҵаарадырра ргәы азҭаҵаразы, урҭ аҳәаанырцәҟа рцара аанкыларазы, уи лгәаанагарала, иаҭахуп аҭҵаарадырра адгылара аҭара, аинвестициа алагалара.

Аслан Бжьаниа аилатәара иалахәыз акрызҵазкуа апроблемақәа ҩба ирызхьаирԥшит: Аԥсны аҭоурых еицакра амамкәа аиқәырхареи ҳтәыла аекологиа аиҷаҳареи. 

Аилатәараҟны иара убас иқәгылоз ирҳәеит аҵарауаҩ қәыԥш ироль атәы; Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аҭҵаарадырра-техникатәи аинновациатә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра атәы;  аҵарауаа ҿарацәа раԥшьгарақәа адгылара рыҭара атәы;  аҵарауаа ҿарацәа адгылара рыҭаразы ахада иҟны агрантқәа рфонд аԥҵара атәы; аҳәынҭқарразы аҭоурых гәалашәара аиқәырхара иамоу аҵакы атәы; абжьаҟазаратә ӡбарҭақәа рыӡбамҭақәа наҟа-ааҟ разхаҵара атәы; амилаҭтә аԥсуаҭҵааратә ҭҵаарадырра  иахьеи уаҵәи; 1921-1931 шш. Аԥсны иҟаз аполитикатә процессқәа рыҭҵаара иамоу актуалреи уи аҵаки ртәы. 

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит аҵарауаа ргәаанагара шьаҭас измоу аинформациа ауаажәларра рҟынӡа анагара иамоу аҵакы атәы.

«Аҳәынҭқарреи аҵарауаа ҿарацәеи русеицураҟны даҽа хырхарҭакны иҟалароуп иара убас аиҩызара ҳзызуа атәылақәа, ҷыдала, Урыстәыла аус ацура. Аҳәынҭқарра аргылараан ҳара ҳажәлар ргәазыҳәареи астратегиатә ҩызара ҳзызуа – Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьеиԥш иҟоу ацхыраара ҳазҭо шьаҟаҵас иҟалароуп», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. «Аусдкылареи аинвестициақәеи Аԥсны аекономикатә ҿиара афактор аҳасабала» атема ала астол гьежь мҩаԥысит аԥшьаша, мшаԥымза  4 рзы Аԥсны Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр аҿы.

Адискуссиақәа ирылагаанӡа еизаз зегьы адискуссиақәа рылахәхара згәы иҭаз, аха иахьымӡаз, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аҟны иҟоу  аекономикеи азини Ринститут адиректор, аекономикатә наукақәа рдоктор Заур Шьалашьаа минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит.

Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр анапхгаҩы, афилософиатә наукақәа ркандидат Олег Дамениа иажәахә аҿы аполитикатә усура алҵшәа бзиа заанарԥшуам анаукатә дыррақәа рыда ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Аҳәынҭқарра аҿиара аҿы ихадоу векторны иҟоуп раԥхьа инаргыланы ауаҩи уи иеизҳазыӷьареи, убри аҟнытә аиҳарак ахшыҩзышьҭра зҭатәу ихадоу ахырхарҭақәаны иҟоуп – ашәарҭадара, аекономика, акультура ҳәа иазгәеиҭеит.

Аиԥылара амодератор, Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр анаукатә усзуҩ Илона Мерцхәлаа Аԥсны аусдкылаҩцәа рыбжьара имҩаԥгаз азҵаара аихшьаалақәа ртәы еиҭалҳәеит. Уи арбагақәа рыла, абизнес ахыҵхырҭа хадақәаны иҟоуп ахатә ԥаратә еизакы аҭаҵәахқәеи аусура аҟынтәи ироуа ахашәалахәи.  Аусдкылара аҿиара еиҳа анегативтә нырра  азҭо ашьаҭакратә капитали ахатәы еикәыршаратә хархәагақәеи разымхара, абанктә кредитқәа раиура иацу ауадаҩрақәа, иахәҭоу азинтә еиҿкаара аҟамзаара, иара убас ашәахтәқәҵара иҳараку аҩаӡареи.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра аҿы Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара акруизтә турқәа реиҿкаара азҵаара азы аиҿцәажарақәа мҩаԥысит.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Иаҭыр Ажьиба Аԥсны афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп. 

Уи азы мшаԥымза 2, 2024 шықәса рзы Ақәҵара инапы аҵаиҩит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

Ажьиба Иаҭыр Рауф-иԥа диит жьҭаарамза 8, 1990 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан.  

2008 шықәсазы далгеит  Б. Г. Ҭарба ихьӡ зху Бамборатәи абжьаратәи ашкол.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  30 шықәса раԥхьа, мшаԥымза 4 рзы Москва ақалақь, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адкыларақәа Рыҩны аҿы  «Аԥсуа-қырҭуатә конфликт аполитикатә  ҭышәынтәалара иазку ауснагӡатәқәа рзы Аҳәамҭа» анапаҵыҩра мҩаԥысит. Аусшәҟәы аҵаҟа рнапынҵақәа ықәдыргылеит: аԥсуа ган аҟынтәи Сократ Џьынџьал, ақырҭуа ган аҟынтәи – Алеқсандр  Кавсаӡе, аусмҩаԥгатә иалахәын Борис Пастухов – Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала, Едвард Бруннер – Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара,  В. Манно – Европатәи Атәылақәа Реидгыла ашәарҭадара Ахеилак аҟынтәи.

Иара убасҟан, 30 шықәса раԥхьа, Аганқәа иара убас еиқәшаҳаҭны рнапы аҵарҩит «Ахҵәацәеи  зҭыԥ иахгоу ахаҿқәеи хатәгәаԥхарала рыртьежьра азы Ԥшьганктәи аиқәшаҳаҭра».  

Аганқәа аҭынчра ашьақәыргылара азы иаарласны аоперациа алагареи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаратә мчқәа реилазаара аҿы урыстәылатәи арратә контингент алахәхареи рзы аҳәара шыҟарҵо шьақәдырӷәӷәеит.  

Аганқәа Еиду Амилаҭқәа Реиҿакаара Ашәарҭадара Ахеилак  ахь Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Амиссиа Қырҭтәыла анаԥшра азы амандат арҭбаара азы ааԥхьара ҟарҵеит.

«Аԥсны иара ахатәы конституциеи азакәанԥҵареи, иашьашәалоу аҳәынҭқарратә атребутикеи: агимн, агерб, абираҟ амоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Ааԥхьара аҿы.

Аганқәа абарҭ ахырхарҭақәа рыла: адәныҟатәи аполитикеи адәныҟаекономикатә еимадарақәеи; аҳәаахьчаратә маҵзура; аҳазалхратә маҵзура; аенергетика; атранспорт; аимадара; аекологиа; аԥсабаратә цәырҵра бааԥсқәа рыхҟьаԥҟьақәа рықәгара; ауаҩи атәылауаҩи рзинқәе рхақәиҭреи рыхьчара; амилаҭмаҷра рзинқәа рыхьчара, уҳәа рганахьала аусеицура азы азинмчқәа инамаданы азеиԥш еилибакаара роуит.

Аганқәа аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара  азы анаҩсгьы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара ишақәшаҳаҭу азгәарҭеит.  ***  ***

««Аԥсуа-қырҭуатә конфликт аполитикатә ҭышәынтәалара иазку ауснагӡатәқәа рзы Аҳәамҭа» аҿы  ишьақәырӷәӷәан Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәынҭқарра-зинтә еизыҟазаашьақәа рыҟамзаара», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит адәныҟатәи аусқәа ԥыхьатәи аминистр (1997 – 2010 шш.), Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.  

Иара лаҵарамза 3, 1994 шықәса рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Амаӡаныҟәгаҩ Хада иҟаиҵаз ажәахәи «Аԥсуа-қырҭуатә конфликт шьаҭанкыла аҭышәынтәалара азы аполитикатәии азинтәии аелементқәа рганахьала Ажәалагалақәа» ҳәа хыс измаз Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ажәахә ацҵагьы рҿы иарбоу Аҳәамҭа абас еиԥш азинтә лкаа шаҭаз ҩаԥхьа игәалаиршәеит.  

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аусзуҩцәа О.Е. Кутафин ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә Азиндырратә Университет аҟны иҟоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Анаука-ҭҵааратә Центр  имҩаԥнаго аҽазыҟаҵаратә семинар рхы аладырхәраны иҟоуп. Хәажәкырамза 17 рзы авидео-конференц еимадара аформат ала имҩаԥысло  асеминар атема  «Ацифратә технологиақәа рыларҵәара аамҭа азы ауаҩы изинқәа рыхьчара алыршара».   

«Аԥснытәи азинхьчаратә институт иарбоу аусмҩаԥгатә алахәхара Аԥсни Урыстәылеи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппаратқәа ирыбжьоу аусеицура иабзоурахеит. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа лыхьӡала Урыстәылатәи Афедерациа ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Татиана Москалькова лҟынтәи ааԥхьара ашәҟәы ааит.  

Анас Кьышьмариа урыстәылатәи лколлега иҟалҵаз ааԥхьара азы иҭабуп ҳәа лалҳәеит.  

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 2 рзы Кыцикыҭ ақыҭан авариатә тәара назыгӡаз Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу аҵәиԥрыга Ми-24 аекипаж аҟынтәи руаӡәы амедицинатә цхыраара азы Шәача ақалақь ахь  амедусбарҭа ахь дыргар акәхеит. Уаҟа уи ахирургиатә ԥҟара изыруит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҩбатәи апациент Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы астационартә хәышәтәра дахысуеит, уи игәабзиара аҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.