Лаша Сақаниа еиҭеиҳәеит, афонд апланқәа рҿы ишыҟоу ареспублика араионқәа зегьы рҿы иҟоу аныхабаақәа, аиҳарак раԥхьа иргыланы акыр шықәса раахыс азхьаԥшра змаухьо, шьаҿа-шьаҿала реиҭашьақәыргылара.
«Ҳара ҳтәыла аҿы ианакәызаалакгьы ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭон ақьырсиантә динхаҵара, уи иарҵабыргуеит атәыла араионқәа зегьы рҿы иаанханы иҟоу, акыр шықәса зхыҵуа аиашахаҵаратә уахәамақәа. Иахьа иарбоу аргыламҭақәа реиҳарак ареставрациа рҭахны иҟоуп. Ҳара Урыстәылантәи ҳҩызцәа рыцхыраарала еиҳа ацхыраара зҭаху аныхабаақәа реиқәырхара аус ҳадгылоит. Ҳалагоит Чхәарҭал ақыҭа ала. Избан акәзар уаҟа инхо ауааԥсыра изныкымәа уаатәи аныхабаа аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара иаҳәахьеит», – ҳәа иҳәеит Лаша Сақаниа.
Аиереи Виссарион (Аԥлиаа) ари аидеиа дақәшаҳаҭхеит, афонд ас еиԥш иҟоу хра злоу аус аҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи азеиӷьаишьеит.
«Адунеи аҿы уажәы зегьы акыр иҭышәынтәалам, анцәахаҵара ауп ауаҩы ииашоу амҩа ылхны ԥхьаҟа ацара аҿы ицхраауа. Шәыгәҭакқәа зегьы нагӡахааит», – ҳәа иазгәеиҭеит Аԥснытәи аиашахаҵаратә Уахәама аиҳабы.