АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Цәыббра.2024

Абесалом Кәарҷиа Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак аилатәара ихы алаирхәит.

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа  Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак аилатәара ихы алаирхәит.   Аусмҩаԥгатә сҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Аинформациатә Центр аплошьадка аҿы.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала Абесалом Кәарҷиа Ахеилак алахәылацәа атәыла аԥсҭазаара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа рыла аобиективра аарԥшреи иаартны рексперттә гәаанагарақәа рҳәареи рабжьигеит.

«Аҵарауаа – ари иҷыдоу уаауп, избан аеәзар, анаука, ҳәара аҭахума, ахацәнамырхара, ахамеигӡара аҭахуп.  Аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак аԥҵара ахықәкы хаданы иҟан атәыла анапхгареи аҵарауаа ҿарацәеи атәыла азы ихәарҭоу апланқәа шьақәдыргыларц», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Аиԥылара иалахәыз актуалра злоу апроблемақәак ирзааҭгылеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аекономикатә ҿиара, аҵарадырра, акультура, адемографиа, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Иара убас Аԥсны аекономика аҿы арегионалтә дисбаланс аҟазаара атәгьы азгәаҭан.

Абесалом Кәарҷиа аиҭакрақәа ирыҵоу аҵакы атәы дазааҭгыло, Аԥсны анҭыҵынтәи имцырку аҵакдуқәа адгалара, ареспублика азы изеиԥшразаалак аиҭакрақәа ашәарҭара рыҵоуп ҳәа агәаанагарақәа ауаажәларра рыларҵәара мҩаԥысуеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.   Убри иахҟьаны еиҳа ихшыҩырку апроетқәагьы аиҳара аидеиа аҳасабала, мамзаргьы аполитикатә еиҿагылара аргуметнтқәа раҳасабала иаанхоит. Ас еиԥш иҟоу атенденциақәа Аԥсны азы ашәарҭара рыҵоуп.  

Абесалом Кәарҷиеи амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәеи «атәыла азы зегьы реиҳа ихадоу, зегьы реиҳа зҵакы дуу аресурсны иҟоу – ауаа роуп, убри инамаданы ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоуп урҭ рпотенциал арҿиара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара» ҳәа агәаанагара аҿы еиқәшаҳаҭхеит.

Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Аинформациатә Центр.

 


Read 45 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.