Динара Смыр афорум аҿы «Жәларбжьаратәи акультуратә усеицура аперспективақәа» ( «Перспективы международного культурного сотрудничества») атема ала ажәахә ҟаҵо дықәгылеит.
Лажәахә аҿы лара Урыстәыла аҵыхәтәантәи 15 шықәса рыҩныҵҟа Аԥсны мҽхакы ҭбаала ацхыраара анаҭоит идуу аинфраструктуратә проектқәа рынагӡара аҿы адагьы акультура аусхкы аҿгьы ҳәа иазгәалҭеит.
Иарбоу аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Урыстәылеи ркультура Аминистррақәа 2025-тәи ашықәс азы аиусеицура аплан рнапы аҵарҩит.
Динара Смыр иҟалҵаз адыррақәа рыла, иарбоу аплан асахьаҭыхратәи асценатәи аҟазара, акинемотограф, абиблиотекатә уси амузеитә уси, адекоратив-хархәаратәи атеатралтәи аҟазара, жәлар рнаплакра, уҳәа аусхқәа рыла аусеицура иазԥхьагәанаҭоит.
Жәларбжьаратәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр, адунеи 80 тәыла рҟынтәи аофициалтә делегациақәа рхадацәа жәларбжьаратәи акультуратә усеицура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.