АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Цәыббра.2024

Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчара знапы ианҵоу Анас Кьышьмариа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахь ареспублика атәылауаа ҩыџьа рықәлара афакт инамаданы иаарласӡаны аинфорациа аиуразы азыҳәаҭа лышьҭит.

Аҟәа. Цәыббраза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амҽыша, цәыббамза 15, 2024 шықәса рзы, асоциалтә ҳақәеи  Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәаки рҿы  ателеграмм-канал ажурналист Девид Гобечиеи атәылауаҩратә активистка Лиа Агрбеи рықәлара мҩаԥган ҳәа адырра ҟалеит.  Ирыларҵәахаз аинформациеи, иара убас Девид Гобечиа авидео ала иҟаиҵаз аҳәамҭеи инарықәыршәаны, ақәылара ҟазҵаз асабрадақәа зҿаз зхаҭара шьақәыргылам ԥшьҩык. Урҭ ааха зауз ауаа изларҳәо ала, урҭ ргнахьала абаллонқәа ирҭаз агаз аурыжьҭит, Девид Гобечиа исит, иара убас Леиа  лхаҭагы илкыз ларҭмаҟ лымхны иҩны ицеит.   

«Иҟоу адыррақәа рыла, Ареспублика Аԥсны азинхьчаратә Усбарҭа ахь азыҳәамҭа дәықәҵоуп. Уахьынтәи исоуа аҭак ала сара иназыцҵоу акомментариақәа ҟасҵараны сыҟоуп», – ҳәа адырра ҟалҵеит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхчара знапы ианҵоу Анас Кьышьмариа.

 «Изакәаымкәа амч ахархәара назыгӡо, иара убас изакәаным ауснагӡатәқәа ирыдҳәалоу, оперативла ишьақәыргылазароуп, урҭ Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны аҭакԥхықәра иақәыршәазаоуп», – ҳәа аҳәамҭа ҟалԥеит лара.

Ахәҭакахьала, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура  адырра ҟанаҵеит Аҟәатәи араионтә аҩныҵҟатәи аусқәа апресс-маҵзуа.

«Амашәыртә хҭыс ҟалеи ҳәа аԥыԥшырҭатә ҟәша ахь адырра роуит  асааҭ  19:20, цәыббамза  15,  2024 шықәса  рзы. Еилкаахеит   иҟалаз ақәылара аҿы ҩыџьа Сааид Гобечиеи Лииа Агрбеи ааха шроуз. Иҟоу адыррақәа рыла, ари ахҭыс ҟалеит  Ишҭхәа ақыҭан. Аҭыԥ аҿы аус руеит аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи  Аҟәа араион аҿы аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәшеи аоператив-усеилыргаратә гәыԥ. На месте Прочитано 138 раз. Последнее изменение 16.09.2024.

 

 


Read 37 times - Аҩаша, 17 Цәыббра 2024 03:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.