АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Цәыббра.2024

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Аҟәа ақалақь аҿы инхо ареспублика атәылауаа ҩыџьа Девид Гобечиеи Лиа Агрбеи рықәлара афакт иаарласӡаны иҭырҵаарц азы анапынҵа ҟаиҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Аҟәа ақалақь аҿы инхо ареспублика атәылауаа ҩыџьа Девид Гобечиеи Лииа Агрбеи рықәлара афакт инамаданы аилацәажәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Иҟалаз ацәгьоура азы адырра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ахь иҟалеит цәыббрамза 15 рзы.

Аҭыԥ ахь инеиз аоператив-усеилыргаратә гәыԥ ишьақәнаргылеит, ааха зауз Аҟәа ақалақь аҿы инхо Девид Гобечиеи Лииа Агрбеи шраку. Ашьаусԥшаара ацашьа атәы аминистр изеиҭеиҳәеит Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Русҭам Бжьаниа.

Роберт Кьиут Аԥсны атәылауаа ҩыџьа рықәлара афакт иаарласӡаны иҭырҵаарц азы анапынҵа ҟаиҵеит. «Ҳара ари аус ишақәнагоу иҭаҳҵаароуп, ари аҵак ду амоуп. Обиективла ашьаусҭҵаара ҳазнеироуп, иаҭаху амчи алшареи адаҳҵароуп иҟалаз шыҟалаз аилкааразы», — ҳәа иҳәеит Роберт Кьиут.

Аилатәара иара убас рхы аладырхәит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьибеи аминистр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусеилыргара Аусбарҭа аиҳабы Елеонора Карагозиан.

 


Read 144 times - Ахаша, 18 Цәыббра 2024 16:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.