Ишәгәалаҳаршәар ҳҭахын 1956 шықәсазы Қырҭтәыла АП АК нанҳәамзатәи апленум аҿы И. Сталини Л. Бериеи раамҭазы ақырҭуа напхгара Аԥсны аганахь ала рхымҩаԥгашьа ишақәыӡбаз.
1978 шықәса рашәара 27 азы Едуард Шеварднаӡе Қырҭтәыла Акоммунисттә партиа АК XI апленум аҿы дықәгыло иҳәеит: «Иаартны иҳәатәуп ииасхьоу, ибзианы иаадыруа аамҭақәа рзы аԥсуа жәлар рганахь ала ишовинисттә политикоуп ҳәа иаартны иззуҳәаша аполитика шымҩаԥгаз. Иҟоу шыҟоу иаартны иуҳәалароуп, избанзар уи аԥсуа милаҭ ринтересқәа реиԥш ақырҭуа милаҭ аинтересқәагьы ирҿагылоит» ҳәа. Аха ари аҳәамҭа 1992 шықәсазы Аԥсны аибашьра ахыртраан апатын Едуард Шеварднаӡе акала иԥырхагамхеит.
Ҳақәгәыӷлап апатын Биӡина Иванишвили игәҭакқәа рзы игәы разны дцәажәоит, ииашоу ажәақәагьы Аԥсны ажәлар рганахь ала иԥшаауеит, Аԥсни Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы жәларбжьаратәи ахәдықәҵарақәа рзы аҭакԥхықәра адызҵаша адокумент анапаҵаҩра аус аҟны иажәеи иуси еивыгахарым ҳәа.