pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҿы анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп агәабзиарахьчара Аминистрра аофициалтә саит аҿы. Аилатәара ихы алаирхәит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Рауль Лолуа.  

Араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым Хада Ҳаџьараҭ Шамба ахәышәтәырҭа аҿы иҟоу аҭагылазаашьа атәы еиҭеиҳәеит, иҳәеит акомпиутертә тамографгьы шыбжьысыз атәы.  Араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы зхыԥхьаӡара 40 нызықьҩык рҟынӡа инаӡо Гәдоуҭа араион ауааԥсыра рымацара акәӡам ирыдыркыло, ирыдыркылоит иара убас егьырҭ араионқәа рҟынтәи апациентцәагьы, убри аҟнытә ахәышәтәырҭа аҿы акомпиутертә тамограф зда ихәарҭам маруганы иҟоуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи  Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви русуратә еиԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазалхратә ҭыԥ «Ԥсоу аусзуҩцәа аҳазалхратә гәаҭара «Импорт» азона аҿы иаанкыланы игәарҭеит автомашьына «Toyota Alphard». Уи аԥсҟы икын Кәарҷиа Р. Р.  Амашьына аидараҭыԥ аҿы аполиетилентә еилаҳәарақәа ирылаҳәаны иҭан акриптовалиута арҳара иазку амаининг аппаратқәа ԥшьба Whatsminer M30 S.  Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса ажьыныҳәамза-жәабранмза рзы  иахыԥхьаӡалаз атәанчахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәа, ацҵақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 234 млн. 237 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи 24 млн. 999 нызықь мааҭ рыла иҳаҩсыз ашықәс арбагақәа раасҭа еиҳауп.  Абри азы атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб адырра ииҭеит Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.  

2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ишәан  209 млн. 238 нызықь мааҭ.

Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамзеи жәабранмзи рзы Атәанчаҩратә фонд ахь иалагалахеит 160 млн. 929  нызықь мааҭ абгаԥсатә лагалақәа, уи 2023 шықәса рзы аасҭа 27 млн. 737 нызықь мааҭ рыла еиҳауп.

Хәажәкырамза 1 азы атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәеи зауа рхыԥхьаӡара 48 169-ҩык рҟынӡа инаӡон, уи  2023 шықәса рзы аасҭа 1 461-ҩык рыла еиҵоуп.   

Зфинансркра мҩаԥгаз атәанчахәқәа рахь ацҵақәа реицҵалыҵ ҳазҭоу ашықәс хәажәкрамза  1 азы  57 млн. 278 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи 2023 шықәса рзы аасҭа  5 млн. 255 нызықь мааҭ рыла еиҳауп.  

Атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәеи зауа рзеиԥш хыԥхьаӡара 13 155-ҩык рҟынӡа инаӡоит, уи  2023 шықәса рзы аасҭа 1 113 - ҩык рыла еиҳауп.

2024 шықәса алагара инаркны 19 млн. 532 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо Атәанчахәытә фонд аҿаԥхьа ауал ашәара алыршахеит.  Зынӡа аинкассатә напынҵақәа рыла 2024 шықәса ажьырныҳәамза инаркны идыршәоуп 481,6 нызықь мааҭ.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Алабоатортә ҭҵаарақәа рылҵшәақәа рыла аспециалистцәа Аԥсны, Краснодартәи атәылаҿацә, Севастополь аӡы иху аԥсаатә – абаҟәақәа хыԥхьаӡара рацәала рыԥсра аԥстәқәа рыгрипп авирус, мамзаргьы Ниукасла ҳәа изышьҭоу ачымазара иахымҟьаӡеит ҳәа ишьақәдырӷәӷәеит.    Абри азы ТАСС ахь адырра ҟарҵеит Краснодартәи атәылаҿацә аветеринариа адепартамент аҿы.

«Аҳәынҭқарратә биуџьеттә Усбарҭа «Крапоткинтәи атәылаҿацәтә ветеринартә  лабораториа» аҿы имҩаԥгаз алаборатортә ҭҵаарақәа инарықәыршәаны,  аԥсаатәқәа рыгрипп авирус, мамзаргьы Ниукасла ҳәа изышьҭоу ачымазара ахацыркыга аарԥшӡамызт», ҳәа адырра ҟарҵет адепартамент аҿы.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥгаз аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа Мархьаул ақыҭан ирыԥшааит Атулиан Олег Амаиак-иԥа итәыз аус зуаз амаининг-ферма.

 Аа-аппаратк аҿыхны Астандартқәеи ахархәаратәи атехникатәи ахылаԥшра азы аҳәынҭқарратә Еилакы ашьҭаҵарҭа ахь идәықәҵахеит, ҳәа адрра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциеи аекологиатә прокуратуреи русзуҩцәа Аҟәатәи абаӷәаза аҟынтәи Очамчыра араион аӡиа Скурча аҟынӡа амшын аӡымҽхак иахьаҵанакуаз раԥхьаӡа акәны агәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит. 

Аекологцәа ражәақәа рыла, абжьааԥны, уимоу лассы-лассы Аԥсны амшынтә фауна иҭоу  аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рҭахара аԥсыӡкыгатә акаҭақәа рыргылара азы ишьақәыргылоу аԥҟарақәа реилагара иахҟьоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Хәажәкырамза 18 рзы Ҭҟәарчал араион Актәи Бедиа ақыҭан иблыз ҩ-еихагылакны иҟаз ахатәыҩны аиҭашьақәыргылара ауӡом, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит  Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара азы Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр  Агрба.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы Аԥсныҟа зхы хаз автомашьына «ВАЗ 21053» ааныркылеит. 

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи Аҳазалхратә Усбарҭа апрес-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аҳазалхратә гәаҭараан иарбоу амашьына аидараҭыԥ аҿы ирбеиташәарыцагатә шәақь, иара убас ҩ-патронҭраки, жә-патронаки.  Имҩаԥгаз аекспертиза инақәыршәаны, иарбоу ашәақь амодель «Сайга-20С» иатәу, 1996 шықәсазы иҭыжьу, згәыцәеизадоу ашәарацагатә шәақь ауп. Уи атәылауаҩра-шәарыцаратә амцабџьар акатегориа иаҵанакуеит, апатронқәа – ашәарыцаратә хҭалашәара  20/70 змоу ашьамцатә патронақәа роуп.

Ашәарыцагатә шәақьи уи апатронақәеи рныҟәгареи рыҵәахреи рзы азин шьақәзырӷәӷәо ашәҟәқәа  ахаҵа ицӡамызт.  Иарбоу абџьари аџьаԥҳани аҳәынҭқарратә ҳәаа ЕАЭС ахгаразы азин зырҵабыргуа ақьаадқәагьы уи имаӡамызт. 

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «2024-тәи ашықәс азы Ареспубликатә биуџьет азы» «Ареспубликатә закәан аиҭакрақәа ралагалара азы» Азакәан апроект  абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара аҿы иахәаԥшит хәажәкырамза 18 рзы. 

Аҟәа араион абиуџьет адотациақәа ршәага-зага 37 миллион мааҭ рыла агырхареи,  анаҩс урҭ иара убри араион аҿы аиҭашьақәыргылара-ргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы  ареспубликатә биуџьет «аргылара» ахәҭа ахь рдәықәҵареи рзы адгалара ҟаҵоуп.  Азакәан апроект авторцәа ргәаанагарала, иарбоу аԥаратә хархәагақәа реизҳара шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылареи ареконструкциеи зҭаху еиҳа ирацәаны аобиектқәа рымҽхакра алнаршоит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.