pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵараза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 26 – Аԥсны Аконституциа Амш ауп.  29 шықәса раԥхьа, 1994 шықәса, абҵара 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара 12-тәи ааԥхьара иаднакылеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларзегьтәи бжьыҭиирала иақәшаҳаҭхеит. «Ҳарҭ, Аԥсныжәлар, ҳхатәҳәаақәҵаратә зин аԥсҭазаара иаларҵәо, жәлары зегьы рзы насыԥла аԥсҭазаареи аҩнуҵҟатә гәҭынчреи ҳарзықәԥо, ауаҩытәыҩса изинқәеи, ихақәиҭрақәеи, ауаажәларратә ҳәоуеиқәшәареи шьақәырӷәӷәо, гәеизҳарала ирылаҳҳәоит, егьышьақәҳаргылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа»,  абас иаҳәоит Аконституциа алагамҭа аҿы.

Абҵарамза 26 Аԥсны аныҳәамшны иԥхьаӡоуп.   29 шықәса ирылагӡаны атәыла ихадоу азакәан аиҭакрақәак алагалан –  жьҭаарамза 3, 1999 ш., мшаԥымза 30, 2014 ш., жәабранмза 3, 2016 ш., хәажәкырамза   29, 2016 ш.

Жьҭаарамза 3, 1999 шықәсазы имҩаԥгаз ареферендума аан аӡбаҩцәа рҽымԥсахра азы аԥҟара алган. Убри аамҭа инаркны аӡбаҩцәа хәы-шықәса аҽҳәара рыманы иалырхуа иалагеит.

Мшаԥымза 30, 2014 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада Алеқсандр Анқәаб ареспублика  аӡбаратә система аҿиара иҿыцу ахырхарҭа азҭаз «Аӡбаратә мчреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аиҭахәаԥшразы иҿыцу аԥҟарақәа рзы» «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аиҭакрақәа ралагалара азы» Аконституциатә закәан инапы аҵаиҩит. Атәыла иаку аӡбаратә система иалагалаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа аԥҵан.

Аиҭакра алагалан иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа азинмчқәагьы, аӡбаҩцәа рзинмчы аҽҳәара иацҵахеит (5 шықәса инаркны 10 шықәса рҟынӡа),  ақәратә ценз иацҵан (27 шықәсантәи 30 шықәсанӡа – актәи аинстанциа аӡбаҩцәа рзы, 35  шықәса рҟынӡа – Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи Абжьаҟазаратә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәа рзы), иара убас Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи Абжьаҟазаратә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәа рзы аусура аџьашықәс –  5 шықәса рҟынтәи 10 шықәса рҟынӡа иацҵахеит.    

Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа ракәзар – Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩыс иҟалар алшоит 40-шықәса зхыҵхьоу,  иреиҳау азиндырратә ҵарадырра змоу, азиндырра азанааҭ ала зусуратә џьашықәс 15 шықәса иреиҵам Аԥсны атәылауаа. Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа 15 шықәса аҽҳәара рыманы иалххоит.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент азинмчқәа рзы ахәҭаҷ 47 иалхын апункт 6: «Аԥсны Аконституциеи Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи реилыркаара мҩаԥнагоит». Аконституциа аилыркаара Аконституциа аилыркааҭара Аконституциатә ӡбарҭа ахь ииагоуп. Азакәанқәа реилыркаараҭара акәзар, ари азҵаара аартны иаанхеит.

Ишьақәырӷәӷәан Аконституциа аиҭахәаԥшра иҿыцу аԥҟара, убри аан ҷыдала иазгәаҭан, «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аиҭахәаԥшреи аиҭакрақәа ралагалареи залыршахом,  Аконституциа аиҭахәаԥшреи аиҭакрақәа ралагалареи ауаҩи атәылауаҩи изинқәеи ихақәиҭреи рырмаҷра азԥхьагәанаҭозар;  Аԥсны Аҳәынҭқарра атерриториалтә акзаара аилагареи ахьыԥшымра аԥыхреи азԥхьагәанаҭозар; урҭ ажәлармчра апринцип иаҿагылозар, амчрақәа реиқәшареи адгьыли егьырҭ аԥсабаратә ресурсқәеи ахатәразы аҳәынҭқарратә форма аиҭакреи, иара убас Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа астатус аԥсахреи иазырхазар»  (ахәҭаҷ 83, апункт 5).

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, абҵарамза 24 рзы, Самсон Иасон-иԥа Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқаратә драматә театр аҿы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90-шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәҵа аатит.

Иара уааҵәҟьа И.Г.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ала еиҿкаахеит  аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ржәытә ҭыжьымҭақәа рыла еиқәыршәоу ашәҟәқәа ркәакь.

Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу ацәыргақәҵа аартуа, еизаз зегьы Аидгыла аиубилеи рыдиныҳәалеит.

«Ари ацәыргақәҵа аҿы иахьа ицәыргақәҵоуп 90 шықәса рыҩныҵҟа Аԥсны алитературатә ԥсҭазаара зныԥшуа афотосахьақәа.  Ҳиубилеи аламҭалазы ҳара иҭҳажьит афотоальбом, уи изҭаху зегьы ҳамҭас иргар алшоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Вахтанг Абҳазоу иажәақәа рыла, ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи аҳҭнықалақь Ахадареи русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҟәатәи ашколқәа фба рҿы иаартуп аԥсуа литература акружокқәа.  

«Ари даара акыр зҵазкуа, хра злоу усуп. Акружокқәа ахәыҷқәа рырҿиаратә лшарақәа рцәыргареи ашәҟәыԥхьара абзиабара рылааӡареи, иара убас аԥсуа литература аганахьала ирымоу адыррақәа рырҭбаареи алнаршоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 22 рзы иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ Раули Шьакаиа.  

«Раули Гьаргь-иԥа Шьакаиа Ҭҟәарчал ақалақь аҿы амузыкатә школ активра злаз анапхгаҩыс дыҟан. 20 шықәса инареиҳаны еиҵагыло аҿар реиҵааӡара иазикит. Аусуралшара, аамсҭашәара, агәацԥыҳәара, аус арҿиаратә знеишьа, иҿыцу, еиӷьу аԥшаара, аҵаҩцәа зегьы ҳаҭырқәҵаралы рызнеира – абарҭ, зеиӷьаҟам аҟазшьақәа рыла далукаауан Раули Гьаргь-иԥа», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны акультура Аминистрра иҟанаҵаз адышшылара аҿы.

 ­­­___

Раули Гьаргь-иԥа Шьакаиа диит нанҳәамза 22, 1945 шықәсазы.

1975 – 1990 шш. Ҭҟәарчалтәи амузыкатә школ адиректорс аус иуан.  

1988-1989 шш.  Ҭҟәарчалтәи ақалақьтә анагӡаратә комитет акультура аҟәша анапхгаҩыс аус иуан.

1990 - 1992 шш. – Аҟәатәи амузыкатә школ №5 адиректор, 1993 – 2022 шш. – Аҟәатәи амузыкатә школ №2 адиректорс аус иуан.  

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭемыр Лакербаиа Аԥсны адомино Афедерациа изаамҭанытәиим аҳасабырба-алхратә конференциа аҿы Афедерациа апрезидентс далырхит. Уаанӡа ари амаҵураҭыԥ дахагылан Аслан Бганба, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.

Аконференциа мҩаԥысит абҵарамза 23 рзы Аҟәа ақалақь аҿы.  

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥсны ажурналистцәа рыбжьара арҿиаратә конкурс «Взгляд - 2023» аихшьаалақәа ҟарҵеит ахәаша, абҵарамза 24 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿы.

Аноминациа «Иреиӷьу аналитикатә, аинформациатә, апублицистикатә статиа» аҿы аиааира игеит Бадрак Аҩӡба.

Аноминациа «Иреиӷьу аочерк» аҿы аиааира лгеит Асмаҭ Ҵәџьба, аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Диана Папба, ахԥатәи аҭыԥ –  Бадри Есиава.

Аноминациа «Ақьыԥхьтә мамзаргьы аелектронтә ҭыжьымҭа аҿы иреиӷьу арепортаж» аҿы актәи аҭыԥ аанылкылеит Рада Чачаа, аҩбатәи – Асида Малиа, ахԥатәи– Дариа Архипова.

Аноминациа  «Иреиӷьу аинтервиу» аҿы актәи аҭыԥ аанылкылеит  Лиана Ебжьноу, аҩбатәи – Наала Мықәба, ахԥатәи – Викториа Думаа.

Аноминациа «Иреиӷьу афоторепортаж» аҿы аиааира лгеит Ельза Ҷанба.

Аԥсны-урыстәылатәи аусеицура аобласт аҿы апрофессионалтә журналистика иреиӷьу атрадициақәа рыхьчареи аҟазареи рзы Иҷыдоу адиплом ранашьахеит Екатерина Бебиеи Лилиана Иаковлевеи. Аиааира згаз зегьы аҳамҭатә сертификатқәа ранашьахеит.

2023 шықәсазы имҩаԥысыз аконкурс Аԥсны Афырхаҵа, аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәраан иҭахаз ТАСС арратә фотокорреспондент Андреи Соловиов игәалашәара иазкын. Аусмҩаԥгатә алахәылацәеи асасцәеи иара изкыз адокументалтә фильм ацыԥҵәаха дырбан, атеатр азал маҷ афоие аҿы арратә корреспондент иԥсы анҭаз иҟаиҵаз акадрқәа урыхаԥшыр ҟалон.

Аҳамҭақәа ранашьара ахь ииасаанӡа Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра анапхгаҩы  Дмитри Федотов,  аиааира згаз зегьы русумҭақәа сынтәа, ԥхынҷкәынмзазы, Москва ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу  аконкурс «Честный взгляд» шорт-бӷьыц иалагалахоит, актәии аҩбатәи аҭыԥқәа аанызкылаз уи аихшьаалақәа рыҟаҵара ахьымҩаԥысуа Урыстәыла аҳҭнықалақь ахь ицараты алшара рзаԥҵахоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Андреи Соловиов игәалашәара шаҟа игәцаракны иазнеиуа џьашьахәыс икуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Аинформациатә Маҵзура ТАСС адиректор Хада  Андреи Кондрашовгьы Аԥсны аҭоурыхи уи афырхацәеи ҳаҭыр дула иазнеиуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«ТАСС акорреспондент, 30 шықәса раԥхьа иахьа ҳахьыҟоу аҭыԥ иацәыхарамкәа иҭахаз, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ зауз ҳҩыза Андреи Соловиов абас ҳаҭыр дула дахьыжәгәалашәо азы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла арҿиаратә еидгылара алахәыла, «Ахьӡ-Аԥша III аҩаӡара аорден акавалер Сергеи Уасил-иԥа Чакәитаӡе иԥсҭазаара алҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит.

Сергеи Чакәитаӡе — аԥсуа шәҟәыҩҩы, ажурналист, апублицист, «Ахьӡ-Аԥша III аҩаӡара аордени еиуеиԥшым амедалқәеи, егьырҭ аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа занашьаз. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ажурналистцәа Реидыглеи алахәыла. Аԥсышәалеи урыс бызшәалеи иҩыз асахьаркыра-публицистикатә рҿиамҭақәеи астатиақәеи равтор. 

Сергеи Уасил-иԥа Чакәитаӡе диит ажьырнаҳәамза 1, 1936 шықәсазы Аԥснытәи АССР, Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан.  

Далгеит Оҭҳаратәи абжьаратәи ашкол (1955ш.), А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә Институт  афилологиатә факультет (1960ш), аԥсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы изанааҭ ала далгеит.

1960 шықәса инаркны  — Гагра араион Ганҭиадтәи ашкол-интернат аҿы арҵаҩы –ааӡаҩыс аус иуан.

1960–1963 шш. Асовет Ар аҿы ирратә уалԥшьа наигӡон. Аррашьҭахь Гәдоуҭа араион Калдахәаратәи ашкол-интернат аҿы ирҵаҩратә усура иациҵеит.

Абҵарамза 1963 шықәса инаркны 1968 шықәсанӡа — Асоциалиттә Мазара аимҵәара аҿыгылара Аҟәша (ОБХСС) Гәдоуҭа араион аҟәша аоперативтә зинмчы змоу аусзуҩ еиҳабыс аус иуан.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ажурналисттә конкурс «Взгляд 2023» аихшьаалақәа рымҩаԥгара иадҳәалоу ацеремониа ахалархәра азы Аԥсныҟа иааз, аинформациатә Маҵзура ТАСС адиректор Хада Андреи Кондрашиов знапхгараҿы дыҟоу аинфомациатә Маҵзура аделегациа идикылеит.

Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил  Шургалини Урыстәыла аус ацуразы  Аԥсны иҟоу Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотови злахәыз аиԥылааҿы аинформациатә еимадареи аԥснытәи амассатә информациа аусзуҩцәа рзанааҭтә дырра ТАСС аҿы ашьҭыхреи ирыдҳәалоу аусеицура азҵаарақәа шьҭырхит.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 24 -25 рзы ақалақь Ростов-на-Дону аҿы 10-17; 18+ ақәратә категориа иаҵанакуа аспортсменцәа рыбжьара карате кекусинкаи (IFK) кумите азы Аладатәи Афедералтә Округи Нхыҵкавказтәи Афедералтә Округи  Аԥхьахәгареи 6-7; 8-9 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара  карате кекусинкаи (IFK) кумите азы афестивали мҩаԥсуан.

Аԥхьахәгара рхы аладырхәит 350-ҩык акаратистцәа, афестиваль  –  140-ҩык Аԥсны, Астрахан, Волгоградтәи Ростовтәи абластқәеи Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟарачы-Черкесстәи Ареспублика, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика,  Ареспублика Ҟрым рҟынтәи аспортменцәа .

«Афестиваль аҿы ҳаспортсменцәа  Аԥсны Ареспублика ахьӡала иқәгылон, аԥхьахәгара аҿы - Ростовтәи аобласть ахьӡала, избан акәзар, аԥхьахәгара аҩныҵҟатәи акәны иҟан», – ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Аресаублика Аԥсны карате кекусинкаи Афедерациа апрезидент  Витали Ҷыҭанаа.

Афестиваль аихшьаалақәа рыла, аԥснытәи аспортменцәа актәи аҭыԥқәа ҩба, аҩбатәи аҭыԥқәа хԥа, ахԥатәи аҭыԥқәа хԥа ааныркылеит.

Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Русҭам Ратиа (Агәыӡера аҳабла), Сандро Џьаӷмазиа (ақ. Очамчыра).

Араӡны медалқәа роуит Леон Џьынџьал (ақ.Аҟәа), Кира Заболотнаиа (Агәыӡера аҳабла), Левон Ходџьикиан (Агәыӡера аҳабла).

Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Леонель Дунамалиан (Агәыӡера аҳабла), Елизавета Барсукова (Агәыӡера аҳабла), иара убас Викториа Кондакчиан (Агәыӡера аҳабла).

Аладатәи Афедералтә Округи Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Округи Аԥхьахәгара аихшьаалақәа рыла аԥснытәи аспортсменцәа атәи аҭыԥқәа хԥа, аҩбатәи аҭыԥқа ԥшьба, ахԥатәи аҭыԥқәа хәба ааныркылеит.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Белоруссиа  аҳҭнықалақь Минск аҿы имҩаԥысит хынттәи Олимпиатә чемпион Алеқсандр Уасил-иԥа Медведь зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Гран-при 52-тәи Жәларбжьаратәи атурнир. Уи рхы аладырхәит ҩыџьа аԥснытәи аспортсменцәа: Аԥсны ахьӡала иқәгылоз Асланбек Гәарамиа (86 кь), Данил Харчлаа (65 кь), Урыстәыла ахьӡала иқәгылоз.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ Башар Џьаафари диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

Аиԥылара мҩаԥысит Москва ақалақь иҟоу Шьамтәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҟны.

Аганқәа аполитикатә, ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә усхкқәа рҿы аԥсуа-шьамтәылатәи жәларбжьаратәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.   

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.