pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа, анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәаршара ахылаԥшра азы Аусбарҭа Хадеи Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи аусзуҩцәа  Аԥсны Аҳәынҭстандарт аспециалистцәа рыцны изакәанымкәа афымцацәаҳәақәа аҽаԥшьреи акриптовалиута арҳара азы аусура амҩаԥгареи рыԥхьырҟәҟәара иазку аоперативтә-профилактикатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан амаининг-ферма рыԥшааит.

Ашәба Руслан Алеқсандр-иԥеи Жовнир Георги Ҭемыр-иԥеи иртәыз 177 аппарат,  Ешыратәи амҩа 9-тәи абжьысырҭа аҿы иҟоу, уаҩ дахьнымхо ахатәы хыбра иахьаҵанакуа ишьақәыргылан.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра  аконцертә зал  «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.  

«Аҭынч уааԥсыра гәымбылџьбарала рышьра зыриашо ҳәа акгьы ыҟаӡам. Атеракт еиҿызкаази иназыгӡази ирыхәҭоу ақәнага иақәыршәатәуп. Иҟалаз атрагедиа адунеизегьтәи ауаажәларра иашьашәало ахәшьара арҭароуп!  Ҳрыдышшылоит иҟалаз атрагедиа аҿы зыуацәеи зҭынхацәеи ҭахаз зегьы. Ааха зауз зегьы ирзеиӷьаҳшьоит иаарласны ршьапы иқәгыларц», – ҳәа  аҳәамҭа ҟарҵеит Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аҿы.

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ареспублика афымцамч ала аиқәыршәара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аԥыза-министр ареспублика аенергетикеи атранспорти Рминистрра Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч алархәны 2024 шықәса аҩбатәи аԥшьбара азы афымцамч ахархәара  амҽхак азы азԥхьагәаҭарақәа рыҟаҵареи афымцамч ала аиқәыршәараҿы аиԥҟьарақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы иназыцҵоу ажәалагалақәа рыҟаҵаразы адҵа аиҭеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә стандарт азы Аилак  аҿы иазгәарҭоит ахылаԥшырҭа аҵара  30 шықәса ахыҵра амш.

Аԥсны астандартәқәеи ахархәаратәи атехникатәи хылаԥшра азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиа ахылаԥшырҭа аколлектив ари акыр зҵазкуа арыцхә рыдиныҳәалеит.  

«Аиубилеи – ари баша изаамҭанытәиу рыцхә мацараны иҟам, ари имҩаԥгоу аусурақәа реихшьаалақәа рыҟаҵареи иҿыцу ахықәкқәа рықәыргылареи иазку изаамҭанытәиу аетап ауп. Ҳҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа ахаангьы имариаӡамызт, аха ҳара есымша қәҿиарала урҭ рынагӡара ҳалҳаршон, иара уажәгьы ҳусура аиӷьтәразы аԥышәа адкылареи адырра ҿыцқәа раиуреи ҳҽазаҳшәоит. Аколлектив иҳараку рзанааҭтә дырра, русуралшара  иабзоураны, бжеиҳан имариам аҭагылазаашьақәа рҿы Аҳәынҭстандарт аусураҿы аихьӡарақәа дуқәа аарԥшра алнаршеит», – ҳәа аусбарҭа аколлектив рахь ихы рханы иҳәеит Нарсоу Сангәлиа.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Ахылаԥшырҭа аихьӡарақәа рҿы уи ашьақәгылара ахыҵхырҭаҿы игылаз аветеранцәа рлагала. Урҭ агәалашәаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 22 рзы  Аҟәатәи аметеорологиатә Станциа аадыртиижьҭеи  120 шықәса ҵуеит, хәажәкырамза 23 – Жәларбжьаратәи аметеоролог Имш азгәарҭоит. Ари амш аҽны 1950 шықәса рзы иаԥҵан Адунеизегьтәи аметеорологиатә еиҿкаара. Адунеизегьтәи аметеорологиатә еиҿкаара аԥҵара амш ауп аметеорологцәа рныҳәамш ашьаҭаҿы иҟалаз. Уи  1961 шықәса раахыс иазгәарҭоит.

Аԥсны аекеологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы иҟоу агидрометеорологиа аҟәша  аиҳабы Лариса Ахба Аԥсныпресс акорреспондент диҽцәажәо  иахьа иазгәарҭо аметеорологиатә маҵзура амш аҭоурыхи иахьа Аԥсны амш зеиԥшрахо  аилкаара шымҩаԥысуеи ртәы далацәажәеит.

Аԥсны раԥхьатәи аметеостанциа 1904 шықәсазы иаԥҵан. Уи раԥхьа Аботаникатә баҳча аҵакыраҿы иҟан. Аметеостанциа аартра иаԥхьанеиуан агеограф, аботаник Николаи Альбови  академик Николаи Вавилови Аԥсны афлора иазкны иҟарҵаз  анаукатә ҭҵаарақәа.  Анаҩс астанциа Аладатәи Иашҭхәа ақыҭахь ииаган. Иара уааҵәҟьа амш зеиԥшрахо аилкаара алзыршоз агәаҭарақәа мҩаԥысуан. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә архив аҿы ишьҭаз усҟантәи ашықәсқәа ирызку архивтә документқәеи аклиматтә гәаҭарақәа зегьи  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра азы иблит. Аха асовет аамҭазы арҭ аматериалқәа рыхкьыԥхьқәа Обнинск ақалақь аҿы иҟоу агидрометеорологиатә  информациа  азы Аидгылазегьтәи анаука-ҭҵааратә Институт ахь идәықәҵахон, урҭ уаҟа еиқәханы иҟоуп иахьа уажәраанӡа.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион аҿы 2023 шықәсазы 800 гектар адгьыл цәаӷәан,  86,21 гектар -  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз 120 ҭаацәара.  Уи азы 419,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоз ахарџь араион Ахадара арезервтә фонд аҟынтәи иазоужьхеит.  Аҭыԥантәи абиуџьқт аҟынтәи аџьықәреи ахәшәтәра азы иазоужьын 385 нызықь мааҭ.  

Иахьагьы араион аҿы мҽхакы ҭбаала, ахәыҷы рацәа змоуи зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩугьы уахь иналаҵаны,  социалла иуашәшәыроу ауааԥсыра ркатегориақәа  рзы ихәыда-ԥсадоу ацәаӷәаратә усурақәа рыпрограмма   мҩаԥысуеит. Араионтә биуџьет аҟынтәи зфинансыркра мҩаԥысуа адгьыл алаҵаразы аус адулара иазку ацәаӷәаратә усурақәа Гәылрыԥшь араион аҿы абар шьҭа жә-шықәса инеиԥыныланы имҩаԥысуеит.   

Рафик Григориан, араион ақыҭанхамҩатә усбарҭа анапхгаҩы, изаау ааԥынтәи ацәаӷәара иаҵоу аҵаы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла, усҟан анхацәа алшара роуеит хәажәырамзазы изаау аџьықәреи алаҵара. Араион аҿы иара убас мшаԥымза агәазы масала ацәаӷәаратә усурақәа рфмҩаԥгаразы амхурсҭақәа гәаҭара мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иира Амш идныҳәалеит.

«Шәара шәнапхгарала Урыстәылатәи адипломатиа Урыстәылатәи Афедерациа аинтересқәа рырӷәӷәара, аҭынчреи жәларбжьаратәи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара  иазырхоу ҳаамҭазтәи адәныҟатәи аполитика иуадаҩу, аҭакзыԥхықә хыдҵақәа рынагӡара иаҿуп.

Шәара шәыхьӡ, Сергеи Виктор-иԥа  ихадоу адәныҟаполитикатә зҵаарақәа қәҿиарала рыӡбара еиԥш, иҷыдаҟазшьаны ишәылоу шәиумор, зеиӷьаҟам аерудициа, хаҭалатәи шәыуаҩратә ҟазшьақәа иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп», –  ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Аҟәа. Хәажәырамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр С. В. Лавров Иирамш идиныҳәалеит.

 

«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-иҧа!

Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш. 

Набыцра змам шәзанааҭә мҩа, шәԥышәа ду, хьаҳәа-ԥаҳәарада шәыԥсадгьыли шәыжәлари рымаҵ аура Шәара жәларбжьаратәи ахьӡ ду арҳара, ҳаамҭазтәи  иналукааша дипломатны  аҟалара шәылнаршеит.

Шәара зыҩаӡара ҳараку профессионалуп, зыԥсҭазааратә позициа иацәхьамҵуа патриот иашоуп. Иуадаҩу жәларбжьаратәи азҵаарақәа рыӡбараҟны Шәара шәалахәра аҭынчреи аҭышәынтәалареи ралыршара иацхраауеит.     

Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи адипломатиеи русхк аҟны Шәара шәусура хәы змаӡам лагаламҭаны иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аусеицура арӷәӷәараҿы. 

Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рырҿиареи аусхкқәа зегьы рыҟны ҳаидгыларатәи ҳастратегиатәи усеицура  арӷәӷәареи рыҟны Шәара инашәыгӡо ароль.

Агәра згоит традициала ҳтәылақәа рыбжьара ишьақәгылаз зыҩаӡара ҳараку аиҩызаратә усеицура аԥхьаҟагьы ҩ-ганктәи аусеицура арҭбаара ишацхраало ҳажәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала.

Сергеи Виктор-иԥа, абри амш аҽны азин сышәҭозар, Шәира амш шәыдныҳәало, ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, еицакра зқәым агәамч, аихьӡара шәыԥсадгьыл амаҵ аураҟны!».

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент аҟны имҩаԥысит «аиҳабыратә сааҭ». Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны «аиҳабыратә сааҭ» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит адепутатцәеи аҵара аминистр Инал Габлиеи реиԥылара. Аиԥылара иалахәыз ареспубликаҟны аҵара апроблемақәа ирылацәажәеит. 

Аминистр иажәахә аҟны аусбарҭа аусуреи уи аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәеи дырзааҭгылеит. 

Азакәанԥҵара инақәыршәаны аҵареи, абызшәатә политикеи, адини, АИХ аусқәа рзи аилак ахантәаҩы азҵаарақәа азирхиеит «аиҳабыратә сааҭ» аҟны рзыӡырҩразы.

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра  Гәынба   В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҵакыраҿы  абаӷәаза  аргылареи ареконструкциа амҩаԥгареи рызҵаарақәа ирызкны акоординациатә штаб аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.  

Аилатәара рхы аладырхәит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр  Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган,  Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, аҳаирбаӷәаза адиректор Хада Наиль Батраев.

Аиԥылараҟны ирзааҭгылан аусура аамҭа анагӡара иадҳәалаз азҵаатәқәа. Аԥырратә дәаҿы нап аркуп аԥырра-тәарҭатә цәаҳәақәа рырҽеира, иара убас аҿықәқәа ррыцқьара. Ажәытә хыбрақәа рықәгаразы аусурақәа цоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аспециалистцәа рымчала артҟәацгатә маҭәашьарқәа рыԥшааразы ауснагӡатәқәа, иара убас уи аҵакыраҿы аҵлақәеи ачықьқәеи ррыцқьара мҩаԥгоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.