АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 22:08

Аԥсны анапхгара Аҳәынҭқарра Актәи Ахада ҳаҭырла дыргәаладыршәеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  15 шықәса раԥхьа, хәажәкырамза 4, 2010 шықәса рзы акыраамҭа ихьуаз ачымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәи аусзуҩ, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, аҵарауаҩ ду-мрагылараҭҵааҩы, Ареспублика Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба. 

 Владислав Арӡынба ҳаҭырла дыргәаладыршәарц, Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан, уи анышә дахьамадоу иҟоу Амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит. Владислав Арӡынба ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Беслан Бигәаа, аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Апарламент адепутатцәа, Арбџьармчқәа рыруаа, аибашьра аветеранцәа, Аԥсны аполитикатәии ауаажәларратәии еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

«Владислав Арӡынба ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра аԥҵара. Иара ихьӡ хьтәы нбанла ҳҳәынҭқарра аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит. Иара зегьы раԥхьаӡа иргыланы иԥсадгьыли иуаажәлари рахь имаз ҳәаа змамыз абзиабара ала далукаауан», –  ҳәа ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба.

 


Read 24 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.