«Ареспублика Аԥсны имаҷууи ибжьаратәуи аусдкылара аҿиара азы» азакәан апроект имаҷууи ибжьаратәуи аусдкылара аҿиара аҳәаақәҵара аганахьала азакәанԥҵаратә бжьажьра ахарҭәаара азы еиқәыршәан.
«Аахәарақәа рзы» азакәан апроект аҳәынҭқарратә аахәарақәа рымҩаԥгара аԥҟарақәаеи апроцедурақәеи раамҭаԥҵәа ашьақәыргылара азы еиқәыршәан.
Аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи аилахәылара азы» азакәан апроект Аԥсны аекономика аинвестициақәа ралагалара иазырхоуп. Уи аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи аилахәылара апроект аиқәыршәареи анагӡареи апроцесс амҩаԥгараан аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара, аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи аилахәылара азы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵареи раԥыхреи раан ауаажәларратә еизыҟазаашьақәа ҭышәныртәалалоит.
Иарбоу азакәан апроектқәа рыхԥагьы ианрыхәаԥш ашьҭахь, апарламенттә Еилакы алахәылацәа иарбоу азакәан апроектқәа имҩаԥысраны иҟоу Жәлар Реизара-Апарламент асессиа аилатәара актәи аԥхьараҿы адкыларазы ацәыргаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.