АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:20

Владислав Арӡынба 80 шықәса ихыҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара инамаданы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵахоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Владислав Арӡынба 80 шықәса ихыҵра азгәаҭара инамаданы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵаразы адҵа инапы аҵаиҩит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи  Ахада лаҵарамза 14 рзы иира Амш азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рзы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵахоит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи  Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра азгәаҭара иазкны аусмҩаԥгатәқәа рҽазыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵаразы адҵа снапы аҵазҩит. Аамҭа маҷӡаны инхеит, аҳәара ҟасҵоит хара имгакәа апрограмма азырхиара шәнапы ашәыркы. Ари аҵак ду змоу хҭысуп», — ҳәа хәажәкырамза 3 рзы имҩаԥгаз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы инаҵшьны иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба.

 

 

 


Read 36 times - Аҩаша, 04 Хәажәкыр 2025 17:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.