АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 22:09

Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь ҳаҭырла дыргәаладыршәеит Џьгьиарда ақыҭан.

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь иԥсы ҭазҭгьы 76 шықәса ихыҵуан.

Аԥсны Аҩбатәи ахада иира Амш аҽны атәыла анапхгара Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭа иаҭааит, Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынбеи Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Беслан Бигәааи, аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба,  атәыла Анапхгара алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак  Гарри Кәпалба, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, аполитикатәии ауаажәларратәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа.


Read 39 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.