АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:09

Џьансыхә Нанба: Урыстәыла Аԥсны афымцамч аашьҭра амҽхак аизырҳаразы иназыцҵоу ацхыраара ҟанаҵар алшоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аенергетикатә усхкы аҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит, Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы амаҷрагьы налаҵаны, ҳәа хәажәкырамза  3 рзы Аминистрцәа Реилазаара аҿы Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба ихантәаҩрала имҩаԥысыз аусуратә еилатәара аҿы адырра ҟаиҵеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба.

«Џьуартәи аӡеизакырҭа аҿы аӡы амаӡра иадҳәалоу аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит. Уи инамаданы ҳара хықәкы хадас иҳамоу аамҭа-аамҭала алашара арцәара аԥырҟәҟәаара ауп. Шәара Урыстәылатәи Афедерациа аҿы имҩаԥыжәгаз аиҿцәажәарақәа ирылҵшәаны ҳара иацы урыстәылатәи ҳколлегацәа рҟынтәи аҭагылазаашьа даҽазныкгьы ишахәаԥшхо, Урыстәыла Аԥсны афымцамч аашьҭра амҽхак аизырҳаразы иназыцҵоу ацхыраара ҟанаҵар шалшо азы адырра ҳауит», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Уи иажәақәа рыла иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны алашара аамҭа-аамҭала арцәара аламгалакәан ԥхьаҟа ацара азы ашьаҿақәеи ауснагӡатәқәеи ҟаҵоуп.

«Иахьа ҳара иаҳҳәар ҳалшоит, иҟаҵоу ашьаҿақәеи ауснагӡатәқәеи рыла, иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны алашара аамҭа-аамҭала арцәара аламгалакәан ԥхьаҟа ацара», — ҳәа иазгәеиҭеит Џьансыхә Нанба.

Аҳәынҭқарра ахада ин.н. Бадр Гәынба адҵа ҟаиҵеит изакәанымкәа амаининг амҩаԥгара иаҿагыланы ақәԥара ацҵара шхымԥадатәиу.

«Ҳара изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара иазку аусура хымԥада иацаҳҵароуп», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба

Иара амаининг аҿагылара азы аҭакԥхықәра здыло ауаа ҿыцқәа шалкаахо, иара убас афымцамч усхкы аҿы ари апроблема аӡбара азы иарбоу аусхкы аҿы иҟоу аҭагылазаашьа анализ шымҩаԥгахо  инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ари аусураз аҭакԥхықәра зду ауаа хымԥада иалкаахоит. Ҳара ари аусхк аҿы иҟоу аҭагылазаашьа анализ азыҟаҳҵароуп, нас афымцамчтә усхк иадҳәалоу апроблемақәа рыӡбара системала ҳалагар акәхоит», — ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

 

 

 

 

 

 

 

 


Read 37 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.