АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Мшаҧы.2024

Атроллеибус ала аныҟәара ахәԥса шьҭарнахыс жәа-мааҭк ирклоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Афымцатә транспорт ала аныҟәара ахәԥса 10 -мааҭк рҟынӡа ихаргалеит.

Уи азы аӡбамҭа рыдыркылеит Аҟәатәи ақалақьтә Еизара адепутатцәа аҩаша, мшаԥымза 30 рзы.

Аҟәатәи ақалақьтә Еизара ахь атариф ашьҭыхразы аҳәара ҟаиҵеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба нанҳәамза 25, 2023 шықәсазы Аизара ахь иааишьҭыз ашәҟәы ала.  Уаҟа, аҵыхәтәаны иарбоу атранспорт ала аныҟәаразы атариф аҽаԥсахит жьҭаарамза  22, 2013 шықәсазы ҳәа иазгәаҭан.  Усҟан уи х-мааҭк рҟынтәи хә-мааҭк рҟынӡа ишьҭырхит.

«Уи нахыс аԥсахга маҭәахәқәа, аматериалқәа, аиқәыршәагақәа, уҳәа рыхәԥса акыр ишьҭыҵит. Иазҳаит иара убас афымцамч азы атарифқәа. Убас, кВт/с. азы 0,01 мааҭ рҟынтәи  0,70 рҟынӡа уи ахәԥса шьҭыҵит. Иара убас, иҟоу афымцаеихшарҭатә станциаеиҵақәа шьаҭанкыла аиҭашьақәыгылара рҭахны иҟоуп», - ҳәа иаҳәон адепутатцәа рахь иҟаҵаз ааԥхьара атекст аҟны.

Ари азҵаара алацәажәара ашьҭахь  адепутатцәа атроллеибус ала аныҟәара ахәԥса жәа-мааҭк рҟынӡа ашьҭахразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Убри аан иӡбоуп ашколхәыҷқәа зегьы рзы уи шхәыда-ԥсадахо. 

 

 


Read 415 times - Аԥшьаша, 02 Лаҵара 2024 11:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.