АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Цәыббра.2024

Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа IV Евразиатәи аҳәса рфорум аусура лхы алалырхәуеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа цәыббрамза  18 рзы Санкт-Петербург ақалақь аҿы иаатыз IV Евразиатәи аҳәса рфорум аусура лхы алалырхәуеит.

Афорум Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Ахеилаки Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалахәу аҳәынҭқаррақәа Апарламентбжьаратәи Ассамблеиеи рыла  еиҿкаауп.

Афорум атема хада – «Аҳәса агәрагара арӷәӷәареи аглобалтә усеицуреи».

Афорум алахәылацәа — аҳәса-аԥызацәа, анапхгара анагӡаратә усбарҭақәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, аусуратә еилазаарақәа, абизнес,  анаукатә еилазаара, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи агәыҳалалратә проектқәеи рхаҭарнакцәа, адунеи 150 тәыла рҟынтәи жәларбжьаратәи аҳәса реиҿкаарақәа иԥхьагылоу ахаҭарнакцәа.

Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩы  Диана Ԥлиа афорум «Аҳәса аҭынчреи агәрагареи иҿыцу амшхәаԥштә ашьақәыргылара аҿы» («Женщины в формировании новой повестки мира и доверия») аҩбатәи аблок аҿы дықәгылеит.

Диара Ԥлиа лықәгылараҿы иазгәалҭеит:

«Афорум Евразиатә форум иалаху аҳәынҭқаррақәа рзинтә, рнаукатә, рҵарадырратә, ркультуратә, рметодологиатә потенциал арӷәӷәара адагьы, ҳаамҭазтәи, акыр иуадаҩу, аибырххара зныԥшуа аҭыгылазаашьақәа рҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи аԥыжәара ахьамоу ҳҳәынҭқаррақәа рԥеиԥш ашьақәыргылара иазырхоу ҳалшарақәа зегьы реидкылара алнаршоит. Аԥсны, агеографиатә ҭагылазаашьа, уи аԥсабара ауникалра инамаданы аҭынчра иазырхоу агуманитартә, анаукатә, акультуратә аԥшьгарақәа рзы аплошьадка адгалара алшоит».


Read 30 times - Аԥшьаша, 19 Цәыббра 2024 16:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.