АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Цәыббра.2024

Беслан Ешба Брианск ақалақь Амш азгәаҭара инамаданы Марина Дбар длыдныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Брианск ақалақь ахада Марина Дбар лыхьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа дәықәиҵеит.

«Азин сышәҭозар, Аҟәа ақалақь Ахадара ахьӡала хаҭала Шәареи Брианск ақалақь ауааԥсыреи акыр зҵазкуа арыцхә – ақалақь аԥҵара 1039-шықәса ахыҵра шәыдысныҳәалоит!

Ақалақь Амш – ари агәырӷьара адагьы ииасхьоу аамҭа ахь азхьаԥшрала ақалақьи уи ауааԥсыреи ирылдыршаз аихьӡарақәа ахәшьара аҭара азы зеиӷьаҟам лшароуп. Брианск – ари акыр ибеиоу аҭоурых, ашәышықәсақәа ирҭагӡоу атрадициақәеи иуникалтәу акультуратә ҟазшьаҷыдареи змоу қалақьуп.

Шәара ишәылоу ахарахәыцреи ихшыҩыркны инашәыгӡо анаԥхгареи ирыбзоураны ақалақь аихьӡара ҿыцқәа аиуоит, араҟа инхо зегьы рыгәқәа  рықалақь гәакьа азы гәадурала иҭәуеит.  

Ҳаргьы ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи аусеицура азы иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аҵарадырра, акультура, уҳәа аусхкқәа рыла иҳабжьоу аусеицура иабзоураны иҳамоу аихьӡарақәеи   даараӡа ҳаҭыр ақәаҳҵоит.

Ари Брианск азы имариам аамҭа азы, хымԥада иазгәаҭатәуп ҳәа исыԥхьаӡоит Брианс аиашьаратә қалақьны иҟоу Аҟәеи уи ауааԥсыреи есымша адгылареи ацхыраареи иазхиоуп», - ҳәа иазәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.  

Аҟәа ақалақь ахада аҩ-қалақьк ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы хра злоу аҿиара шаиуо азы агәрагара ааиԥшит.

Беслан Ешба Брианс ақалақьи уи ауааԥсыреи ирзеиӷьаишьеит аҭынчреи аизҳазыӷьареи.


Read 212 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.