АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Цәыббра.2024

Ақыҭанхамҩа Аминистрра аиқәыршәагақәеи амаругақәеи атауарқәеи раагара азы иаарту аконкурс амҩаԥгара рыланаҳәоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ақыҭанхаҩа Аминистрра ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭыжьра аиҿкааразы арахәи атауарқәеи раахәареи раагареи рзы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара азы азин аиура иазку иаарту аконкурс амҩаԥгара рыланаҳәоит.  

Араҟа зыӡбахә ҳәоу ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулара иазку амаругақәа, ақыҭанхамҩатә обиектқәа реиқәыршәара азы иахәҭоу амаҭәахәқәа, иҷыдоу амаругақәа раахәара атауар–материалтә маҭәахәқәа (иҵәылаҵоу аҭел, аихыршьқәа, аргыларатә маҭәахәқәа, агәараандақәа рзы аҵәҩанқәа, ацәықәбартә ӡықәҭәара асистемақәа, аминералтәии аорганикатәи арҵәыгақәа, уҳәа ақыҭанхамҩаҿы аарыхреи аҭыжьреи ирызку егьырҭ атауарқәеи) раахәара, иара убас амаҵзурақәа (аргылара-еиқәыршәаратә, аветеренартә, агротехникатә) усурақәа рымҩаԥгара иазырхоу ахықәкытә программа «2024 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара» Апрограма иадҳәалоу  апроетқәа рынагӡара.  

 

Азыҳәамҭақәа рыдыркылоит цәыббрамза 28, 2024 шықәсанӡа.

Аконурс алахәхара азы иахәҭоу аусшәҟәқәа: аԥҵаратә усшәҟәқәа рыхкьыԥхьқәа;

– ишьақәырӷәӷәоу аформа иақәшәо азыҳәаҭа;

– акоммерциатә ажәалагала;

– Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьеттә система аҿаԥхьа ауал шыҟам азы адырранҵа. 

Еиҳа инарҭбаау аинформациа аиуразы: https://minselhoz.apsny.land/novosti/item/137-izveshchenie-o-provedenii-otkrytogo-konkursa   

 


Read 23 times - Аԥшьаша, 19 Цәыббра 2024 17:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.