АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Цәыббра.2024

Аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Аинформациатә Центр аҿы «Амилаҭ ргәабзиара — ԥхьатәи аԥеишь ауасхыр» атемала астол гьежь мҩаԥнагеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Ахаша, цәыббрамза 18 рзы Аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Аинформациатә Центр аҿы «Амилаҭ ргәабзиара — ԥхьатәи аԥеишь ауасхыр» атемала астол гьежь мҩаԥнагеит.

Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Баҭал Кациа адныҳәаларатә ажәахә аҟны амедицина аҿиараҿы хадара злоу абарҭ ахырхарҭақәа азгәеиҭеит:

  • ачымазарақәа рыпрофилактика;
  • амедусбарҭақәа ҳаамҭа иақәшәо амаругақәа рыла реиқәыршәара;
  • ззанааҭдырра ҳараку акадрқәа.

Аиԥылара иалахәыз агәабзиарахьчараҿы уадаҩрақәас иҟоу, аиҳаракгьы агәы-шьадатә чымазарақәа, акьыбачымазара уҳәа ирызкны, иалацәажәеит алаборатортә диагностика, Аԥсны амедицинатә техмаругақәа рхархәара, уҳәа реиԥш иҟоу, актуалра злоу апроблемақәа рыла ажәахәқәа ҟаҵо иқәгылеит:

  • «Агәы-шьадатә чымазарақәа заанаҵтәи рдиагностикеи рыхәышәтәреи. Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы алшарақәеи аперспективақәеи» – амедицинатә наукақәа ркандидат Илона Арӡынба;
  • «Ҳаамҭазтәи амедицина аҿы адиагнотика инанагӡо ароль» - ААУ абиологиеи аиохииеи рфакультет адекан Лариса Ахәыба;
  • «Акьыбачымазарақәа заанаҵтәи рдиагностикеи рыхәышәтәреи. Аԥсны акьыбачымазарақәа ргәыгәҭажьра ҵаҵӷәыс иамоу» – амедицинатә наукақәа ркандидат Сариа Адлеиба; 
  • «Амедицинатә техникатә хархәагақәа рхархәара иадҳәалоу апроблемақәа» - Амшынтә гидрографиатә полигон алабораториа анапхгаҩы Ҭемыр Строчан.

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, ззанааҭдырра ҳараку аспециалистцәа Аԥсны амедицинатә усх аҿиараҟны аԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

Астол гьежь аспикерцәа ишазгәарҭаз ала, аиԥылара иҳараку апрофессионалтә ҩаӡара аҿы, аиҩызаратә атмосфера аҿы имҩаԥысит.

Астол гежь аусура иара убас рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, атәыла агәабзиарахьчара аминистр иабжьгаҩ Алиса Матуа.

 


Read 23 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.