АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Цәыббра.2024

1500 ҭоԥ инареиҳаны асигареҭ аконтрабандала аиагаразы аҽазышәара ҟаҵан амашьына аҩныҵҟа иҭаҟаҵаз аҵәахырҭа аҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Закәаншьаҭада 30 200 сигарет Аԥсны аҳәаа ишахыргоз урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа иааныркылеит, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа.

Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа зхы хаз автомашьына BMW X5 аҩныҵҟа иҭаҟаҵаз аҵәахырҭа аҿы аконтрабандала зыиагаразы аҽазышәара ҟаҵаз 1500 ҭоԥ инареиҳаны асигареҭ рыԥшааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Краснодартәи  аҳазалхра апресс-маҵзура.

«Иарбоу автомшьына аԥшь-барбалк рыҩныҵҟа иҭаҵәахын аҭаҭын аалыҵ, –  ҳәа еиҭеиҳәеит Краснодартәи аҳазалхра иатәу Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аиҳабы Алеқсеи Быков. – Агьежьхарԥақәа рҟны аҭаҵәахҭыԥ еиҿкааны аҭаҭын ҭоԥқәа ҭаҵаны иҟаҵан.  Абарбалқәа амашьынаҟынтәи рыҵхра ашьҭахь иԥшаан аплионка зкәыршаз, агьежьхарԥа аҩныҵҟа иҭаз асигареҭ аҭоԥқәа».

Дубаи иҭыжьыз 1510 ҭоԥ (30200 цыра) асигареҭ «BUSINESS ROYALS» урыстәылатәи акцизатә дыргақәеи ихымԥадатәиу амаркеровкеи рыда аиагара рҽазыршәеит.

Имҩаԥгаз аекспертиза ишышьқәнаргылаз ала, иарбоу аҭаҭын аалыҵ апартиа зегьы азеиԥшхәԥса 200 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Уи замҽхак дуу атауар ахь иаҵанакуеит.

Аҭаҭын аалыҵи автомашьынеи изтәу имхуп. Краснодартәи аҳазалхратә Маҵзура Шәачатәи аусбарҭа ала УА АЗ ахәҭаҷ 226.1, ахәҭа 1 инақәыршәыны ашьаус хацыркуп. Азинеилазгаз рхьархәразы иҟалоит 300 000 мааҭ инаркны миллионк аҟынӡа ахараԥса, ма хәышықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәыдатәра рықәҵахар.

2024 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны закәаншьаҭада Аԥснынтәи аҭаҭынаалыҵ аиагаразы 700 ус хацыркуп административтә закәанеилагаразы, Урыстәылатәи Афедерациа Административтә Зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 16.1, ахәҭа 2 (аҳазалхратә гәаҭара ахь ацәырымгара) инақәыршәаны ихацыркыз административтә зинеилагарақәа рзы  38 усеилыргара уахь иналаҵаны,  иара убас  ашьаусқәа 7. Ирымхуп 1,2 миллион сигарет, 45 кьыла анасваи.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы асигареҭқәа изакәанымкәа аҳәаа рахгара азы еиҳа лассы-лассы ахархәара роуа иалагеит апремиум-класс иаҵанакуа амашьынақәа. Уи зыҟаҵахо аҳәаа ахысраан ас еиԥш зыхә ҳараку амашьынақәа гәҩарас ирымкып ҳәа ауп.


Read 106 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.