АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Цәыббра.2024

«Сара крааҵуеит ашәаҳәаратә шоу «Ну-ка, все вместе!» аҽалархәразы агәазыҳәара сымеижьҭеи»: Леван Пхалаӡе иарбоу ашәаҳәаратә шоу алахәылас дшыҟалаз атәы.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳара ҳџьынџьуаҩ, Москватәи аҳәынҭқарратә акультура аинститут аестрада-џьазтә ҟазара акафедра астудент Леван Пхаладзе ателеканал «Россия-1»аҿы имҩаԥысуа амузыкатә проект «Ну-ка, все вместе!» алахәхаразы акастинг дахысит.

Ари урыстәылатәи ателехәаԥшра аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны иҟалаз ахәаԥшратәи аемоциалтәи еибарххара ала иуникалу аусмҩаԥгатә аҿы алахәылацәа рбаҩхатәра ахәшьара азҭо аӡәы, ҩыџьа, хҩык, хәҩык ракәымкәа, иаразнак ала шәҩык аекспертцәа роуп.  

Ашоу раԥхьатәи аҭыжьымҭа ателеканал «Россия-1» аефир ахь ицәырҵит хәажәкырамза 23, 2019 шықәса рзы. Уи ателербагақәа рахь иаднаԥхьалеит 20 миллионҩык инареиҳаны ахәаԥшцәа.

Ашоу афбатәи асезон алахәхаразы агәазыҳәара аадырԥшит Урыстәылеи Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәеи, иара убас харатәи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҟынтәи  ҩ-нызықьҩык инареиҳаны анагӡаҩцәа. Аԥсныпресс акоррепондент диҿцәажәеит апроект алахәыла Леван Ԥхалаӡе.

Леван Ԥхалаӡе ишазгәеиҭез ала иара ашоу ахь имҩа акыр имариамызт:

«Ари атәыла зегьы реиҳа идуу авокалтә проект ауп. Уи абар шьҭа фы-шықәса инеиԥынкыланы имҩаԥысуеит. Сара уи алахәхара азы агәазыҳәара сымоуижьҭеи акрааҵуеит – хәы-шықәса инеиԥынкыланы сара аонлаин-кастин сҽаласырхәан. Сынтәа апродиусерцәа хаҭала алахәхаратәи акастинг мҩаԥыргеит хә-қалақьк – Шәача, Екатеринбург, Уфа, Москва, Нижни Новгород рҿы. Аха зегьы реиҳа иуадаҩыз акастинг мҩаԥысит Москва ақалақь аҿы. Араҟа рҽаладырхәан 2000-ҩык инареиҳаны ауаа», – ҳәа иҳәеит Москватәи аҳәынҭқарратә акультура аинститут аестрада-џьазтә ҟазара акафедра астудент.

Леван Пхалаӡе иажәақәа рыла, акастинг аҭагылазаашьақәа даараӡа иуадаҩын.

«Сара акастинг ахь сааит ашьыжь, асааҭ быжьба рзы, убри аан ажиури рҿаԥхьа ашәаҳәаразы алшара соуит аҵх агәы ианахыс ашьҭахь, асааҭ акы азы. Ауаа даараӡа ирацәан, иҟан зҿаԥхьа ашәқәа адыркызгьы. Аԥшра даара акыр аамҭа амҽханакит… утәоуп, иҟаҵатәузеи излауа ала еиӷьны ашәаҳәразы ҳәа ухәыцуеит.  Алԥшаара аԥҟарақәа абасала ишьақәгылан: 10-ҩык аӡбаҩцәа – Сергеи Лазарев, Николаи Басков, Еҭери Бериашвили, уҳәа егьырҭ еицырдыруа ауаа иузыӡырҩуеит, анаҩс еицҿакны иақәшаҳаҭхароуп уара уалхра. Убас иагьыҟалеит сара сҿы. Сара адгылара сырҭеит ажиури алахәылацәа рыжәаҩык», – ҳәа еиҭеиҳәеит Леван.

Акастинг ашьҭахь аҩбатәи алԥшааратә етап ҟалеит. Уаҟа арепертуар ашьақәырӷәӷәарала иалагеит.

«Ҩымчыбжь рышьҭахь иҟан Zoom, араҟа апродиусерцәа сара срепертуар алырхуан. 60 рҟынӡа сашәақәа исымаз  рҟынтәи апродиусерцәа иалырхит ԥшьба заҵәык. Ус иаҳәон аԥҟарақәа. Урҭ ҭаҩны исышьҭыр акәын.   Сара зегьы ҟаҵаны исышьҭит, нас аԥшра салагеит, избан акәзар урҭ шьақәдмырӷәӷәаргьы ҟалон. Ҩымчыбжь рышьҭахь сара апроект аҿы сшьышьақәдырӷәӷәо ала аҭак ааит. Акастинг мҩаԥысуан рашәарамза 6 рзы, сара апроект ахь сышрыдыркылаз атәы еилыскааит нанҳәамза 6 рзы. Аиаша шәасҳәап, ас еиԥш сгәы хыҭхыҭуа сыззыԥшыз ажәабжь бзиа ансаҳа, семоциақәа сиааины маҷк сыгәгьы ԥшааит. Сгәырӷьара ҳәаа амамызт, сгәахәтәы нагӡеит – ашәҩык рҿаԥхьа ақәгылара!» – ҳәа игәалаиршәеит артист.

Леван Пхалаӡе иқәгылара уахәаԥшыр ҟалоит ахәаша, асааҭ 21:30 рзы, ателеканал  «Россия-1» ала. Изеиӷьаҳшьап нас ақәҿиарақәеи аманшәалареи!

 

 

 

 

 


Read 126 times - Амҽыша, 22 Цәыббра 2024 09:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.