АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Цәыббра.2024

Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба дидикылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба диԥылеит.

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы атәыла аԥыза-министр Аԥсны аделегациа Ареспублика Ҟазахсҭан, Баиконур ақалақь ахь ацареи аракета-ныҟәгаҩ «Союз-2.1а» ҵәҩанҵәыҟа ашьҭра аҭаареи ртәы   изеиҭеиҳәеит. Авизит еиҿкаан Баиконур ақалақь ахада   иааԥхьарала, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Ҭарашь Ҳагба атәыла Анапхгара ахада Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы жьҭаарамза 27 рзы имҩаԥысраны иҟоу «Аҟәа-Амарафон» аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа азы адырра ииҭеит.  Уи ишазгәеиҭез ала, иарбоу аусмҩаԥгатә зымҽхак ҭбаау хҭысхоит, уи Урыстәылантәи 1000-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа рхы аладырхәраны иҟоуп. Аиԥхныҩларақәа мҩаԥысраны иҟоуп 42,2, 21,1, иара убас 5 километр рҟынӡа инаӡо адистанциақәа рҿы.

 

Амарафон еиҿнакаауеит Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Беговая История». Убри аан уи адгылара анаҭоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны атриатлон Афедерациеи.  

Цәыббрамза  22 инаркны жьҭаарамза 2 аҟынӡа  Аԥсны «Афырхацәа ҳгәалашәоит» ҳәа хыс измоу апатриоттә лагерь мҩаԥыслоит. Уи рхы аладырхәраны иҟоуп 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз аветеранцәеи хатәгәаԥхарала еибашьуази рмоҭацәа, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа Кәырсктәи аобласть аҟынтәи ахәыҷқәа. 10 мыш рыҩныҵҟа ахәыҷқәа рзы иаԥхьалоит алекциақәа, имҩаԥыргалоит аспорттә усмҩаԥгатәқәа, еиҿыркаалоит аекскурсиақәа.

Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аусура иадҳәалоу егьырҭ актуалра злоу азҵаарақәагьы.

 


Read 145 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.