АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Цәыббра.2024

Аԥснытәи аделегациа Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысуа IV Евразиатәи аҳәса рфорум аусура ахы аланархәуеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аделегациа Петербург ақалақь, Тавриатәи Ахан аҿы имҩаԥысуа IV Евразиатәи аҳәса рфорум аусура ахы аланархәуеит.

Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Аԥсны Аконституциатә Ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа, Жәлар Реизара-Апарламент асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы Аилак ахантәаҩы Рашида Аиба,  Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент Ҭамила Мерцхәлаа, «Аԥснытәи атуризм Аидгыла» ахада Анна Калиагина.

Зхыԥхьаӡара 2000-ҩык рҟынӡа инаӡо адунеи 120 тәыла рҟынтәи афорум алахәалацәа, – аҳәаса-апарламентариақәа, анагӡаратәи анапхгаратә усбарҭақәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, аусуратә еилазаарақәа, абизнес еилазаара, анаукатә еилазаара, ауаажәларратә еиҿаарақәа, агәыҳалалратә проектқәа рхаҭарнакцәа, адунеи атәылақәа жәпакы рҟынтәи аҳәса реиҿкаарақәа зхыԥша дуу аусзуҩцәа.  

IV Евразиатәи аҳәса рфорум атема хада – «Аҳәса агәрагара арӷәӷәареи аглобалтә усеицуреи рзы».

Афорум аартра алагеит Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко лхантәаҩрала имҩаԥысыз апленартә еилатәара ала.  Аусмҩаԥгатә алахәылацәеи асасцәеи бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин.

«Ари афорум –ҳаамҭазтәи аҳәса рпотенциали аусхқәа зегьы рҿы урҭ инарыгӡо хра злоу ароли зеиӷьаҟам ала  иаазырԥшуа, зегьы реиҳа зхыԥша дуу плошьадканы иҟоуп. Евразиатәи аҳәа рфорум аҿы ирылацәажәоит ҳаамҭа иақәшәо зегьы реиҳа актуалра злоу азҵаарақәа, иаҳа акырӡа зҵазкуа азеиԥш шәарҭадара аҿиареи арӷәӷәареи иазырхоу аԥшьгарақәа рӡыргара мҩаԥысуеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Владимир Путин.

Евразиатәи аҳәса рфорум иааиԥмырҟьаӡакәа 2015 шықәса раахыс имҩаԥысуеит. Уи хықәысгьы иамоуп адунеи аҿы агәреибагара арӷәӷәара, жәларбжьаратәи аимадареи аусеицуреи ахырхарҭа ҿыцқәа рыԥшаара, иара убас иҭышәынтәалоу аҿиара ашьақәыргылара аҿы аԥҳәыс лроль ашьҭыхрАфорум аҳәса адунеитә политика, аекономика, асоциалтә усхки жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәкм рыҿиареи рҿы инарыгӡо ароль алацәажәара иазырхоуп.

Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент Ҭамила Мерцхәлаа ари афорум абар шьҭа хынтәиуп лхы алалырхәуеижьҭеи.

«Аҳәса рфорум – ари Урыстәылатәи Афедерациа Аҩадатәи аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысуа аҵак ду зҵоу аусмҩаԥгатәқәа иреиуоуп, уи аконтинентқәа зегьы рҟынтәи аҳәса-аԥызацәа рдиалог азы зхыԥша дуу жәларбжьаратәи плошьадканы иҟоуп.

Афорум апрограмма даара амҽхак дууп, аинтересгьы  аҵоуп. Афорум ҩаԥхьа акыр зҵазкуа жәларбжьаратәи аплошьадка аҳасабала уи иамоу астатус шьақәнарӷәӷәеит. Араҟа адунеи азы акыр зҵазкуа аӡбамҭақәа рыдыркылоит, араҟа адгылара арҭоит агәаартра, агәыцқьара, анычҳара», – ҳәа лгәаанагара лҳәеит Ҭамила Мерцхәлаа.

Афорум аусуратә программа иалагалоуп  апленартә еилатәарақәа, ауаажәларратә гәаанагара аԥызацәа алархәны адискуссиатә плошьадкақәа,  жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа злаху астратегиатәи аексперттәии сессиақәа, аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәии абизнестәии адиалогқәа,  апаритеттә дискуссиақәа, авебинарқәа, аворкшопқәеи  аусуратә шьыжьхьафарақәеи.

Афорум аусура иара убас лхы алалырхәуеит Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа.

Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа Ассамблеиа «Агәрагара – азеиԥш еизҳазыӷьара ашьақәгылара ауасхыр аҳасабала» аҿы дықәгылеит. Диана Ԥлиа лықәгылараҿы иазгәалҭеит: «Афорум Евразиатә форум иалаху аҳәынҭқаррақәа рзинтә, рнаукатә, рҵарадырратә, ркультуратә, рметодологиатә потенциал арӷәӷәара адагьы, ҳаамҭазтәи, акыр иуадаҩу, аибырххара зныԥшуа аҭыгылазаашьақәа рҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи аԥыжәара ахьамоу ҳҳәынҭқаррақәа рԥеиԥш ашьақәыргылара иазырхоу ҳалшарақәа зегьы реидкылара алнаршоит. Аԥсны, агеографиатә ҭагылазаашьа, уи аԥсабара ауникалра инамаданы аҭынчра иазырхоу агуманитартә, анаукатә, акультуратә аԥшьгарақәа рзы аплошьадка адгалара алшоит».

Афорум Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Ахеилаки Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалахәу аҳәынҭқаррақәа Апарламентбжьаратәи Ассамблеиеи рыла  еиҿкаауп. Афорум аусура хыркәшахоит цәыббрамза  20 рзы.

 

 

 

 


Read 123 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.