АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Цәыббра.2024

Атроллеибустә цәаҳәа Акьыртаа имҩа аҟынтәи Ладариа имҩахь ииаргараны иҟоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атроллеибустә цәаҳәа Акьыртаа имҩа аҟынтәи Ладариа имҩахь ииаргараны иҟоуп. Уи азы аӡбамҭа рыдыркылеит Аҟәа ақалақьтә Еизара аилатәара аҿы.

Иқәгахоит Акьыртаа имҩа аҟынтәи  Б.Џьелиа имҩа ала В. Г. Ардӡынба имҩа аганахьала инагоу афымцатранспорт аныҟәаразы аидкьысларатә фамцацәаҳәа. 

Акьыртаа имҩаҿы ганкахьалатәи атранспорт аныҟәара еиҿкаауп, иара убас В. Г. Арӡынба имҩа аҟынтәи  Б. Џьелиа имҩа аҟынӡа ганахьалатәи аныҟәара еиҿкаауп.  

Ас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит амҩатә ныҟәара ашәарҭадара ашьҭыхра хықәкыс иҟаҵаны.

Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа, ауаа Акьыртаа имҩаҿы лассы-лассы ишьақәгыло аиԥынгылара азы агәынамӡара аадырԥшуеит ҳәа иазгәеиҭеит.  Атроллеибустә маршрут аԥсахра ари апроблема ахәҭакахьала аӡбараҿы ицхыраагӡаны иҟалар алшоит.

Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба Турбаза аҳабла ауаа рацәаны иахьынхо ҭыԥуп, акурорттә сезон азы уаҟа ӷәӷәала атранспорт аныҟәара иацлоит ҳәа иазгәеиҭеит. Иахьатәи аӡбамҭа, ақалақь ахада игәаанагарала, иарбоу аҭыԥ аҿы атранспорт аныҟәара еиҳа иармариар алшоит.

Беслан Ешба иара убас абжьаратәи ашкол №14  аҟынтәи Кьалашәыр аӡиас аҟынӡа лассы-лассы аҵлақәа ыҵырҩны икаҳауеит, уигьы апроблемақәа хылҿиаауеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Афымцатранспорт азҵаара аӡбара азы еиуеиԥшым авариантқәа рыхәаԥшра мҩаԥысуеит, аха ҳара атроллеибусқәеи афымтробусқәеи рыхәԥса аизҳара ҳзахьӡаӡом. Уажәы иҟоу атроллеибустә парк зегьы шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара азҵаара ҳахәаԥшуеит. Иҟоуп заанаҵтәи аиқәшаҳаҭрақәагьы», – ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.                             


Read 122 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.