АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Цәыббра.2024

Ӡыгәҭа ақыҭан аӡрыжәтә азы амкьаҭқәа ҩба еиҭашьақәдыргылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан ҳазҭоу ашықәс цәыббрамзазы ихыркәшахеит  700- 700 тонн зкуа  аӡрыжәтә азы амкьаҭқәа ҩба реиҭашьақәыргылара. Урҭ Аҟәа араион Вавилов имҩала иҟоу аӡхагаларатә станциа аҟынтәи аӡрыжәтә рҭалоит. 

Аԥсилаа рымҩа аҿы хара имгакәа амкьаҭқәа рҟынтәи аӡыла аиқәыршәара азы 6 километрак рҟынӡа инаӡо аӡымҩангагақәа рышьҭаҵара иалагараны иҟоуп. Ари амҩа ихадоу мҩоуп, уи Баслаҭа ақыҭахь унанагоит. Арҭ амкьаҭқәа рҟынтәи ӡыла реиқәыршәара алыршахоит ақыҭақәа Ӡыгәҭа, Баслаҭа, Киалашәыр ақыҭақа руааԥсыра.

Иара убас Ӡыгәҭа ақыҭа аҳаблабжьарамҩа хада аҿы 3 километрак рҟынӡа инаӡо анышәмҩа еиқәыԥсоуп.  

Иарбоу аҭыԥ аҿы иҟоу ауадаҩра араҟатәи адгьыл аҟәаԥаҿаԥареи лассы-лассы  аӡықәлареи  ирыдҳәалоуп.

Иарбоу амҩа аҿықәан иҟоуп 150-ҩны.  Аӡымҭҟьар алеира иахҟьаны араҟа иҟоу амҩа ӷәӷәала иқәнаӡәӡәааит, уи ахархәара акырӡа иуадаҩхеит. Амҩа инаваршәны, иҷыдоу атехника ахархәарала 1,5 километр рҟынӡа инаӡо аӡҩаршьҭра ҭыжааны иҟарҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа араион Ахадара апресс-маҵзура.

Ӡыгәҭа ақыҭа ахада Владимир Казариан Аҟәа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Фарад Микаелиан имҩаԥгаз аусурақәа рзы адырра ииҭеит.

 


Read 109 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.