Убри инамаданы, абиуџьет абарҭ аиҭакрақәа алагалахеит:
– Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо хазхаҭалатәи ахаҿқәа рҟынтәи ахашәалахәытә шәахтә 75 млн. мааҭ рыла ишьҭырхит;
– ареспубликатә биуџьет аҟынтәи егьырҭ абиуџьетбжьаратәи аиагарақәа 14 млн 256 нызықь мааҭ рыла ишьҭырхит.
«Аргылара» аҟәша аҿы аицҵалыҵ еизҳаит 50 млн. мааҭ рыла, аҟәша «Анагӡаратә мчра аусбарҭақәа русура» аҿы - 20 млн. мааҭ рыла, «Арезервтә фондқәа» - 5 млн. мааҭ рыла, 2023-2024шш. рзы аԥсабаратә рыцҳарақәа рҿы ааха зауз ауааԥсыра аматериалтә цхыраара рыҭара азы «Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә Фонд» - 3 млн. 928 нызықь мааҭ рыла, Наӡаӡе лымҩа, абжьаларҭа 2 ала игылоу иуашәшәыроу аҩнеихагыла №3 аҿы ауадақәа рыԥшәмацәа акомпенсациатә шәатәқәа рызшәара азы «Аминистрцәа Реилазаара Афонд» - 10 млн. 328 нызықь мааҭ рыла.
Аҟәа ахада Беслан Ешба иажәақәа рыла, абиуџьет 110% нагӡан, уи иабзоураны 75 миллион мааҭ ахашәала ҟалеит.
Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба ажәалагала ҟаиҵеит арҭ аԥарақәа аргылара-арҽеиратә усурақәа, ақалақьтә маҵзурақәа атехника ҷыда рзаахәара, амшцәгьақәа раан ааха зауз ауаа ацхыраара рыҭара ирзырхарцаз.
«Ақалақь абиуџьет зыӡбахә ҳәоу аԥарақәа ирҭагӡаны арҳамҭақәеи аныхтәқәеи рыхәҭахьы аиҭакрақәа алагалазарц ҳшәыдҵааларц ҳаӡбеит. Бжьаратәла 50 миллион мааҭ аргылара-монтажтә усурақәа ирзырхахоит, 20 миллион мааҭ раҟара — иҷыдоу атехника аахәара, 5 миллион мааҭк рҟынӡа — аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаны аԥхасҭа зауз афинанстә цхыраара рыҭаразы арезервтә фонд ахарҭәаара", — ҳәа адырра ҟаиҵеит Беслан Ешба.
Ақалақьтә еизара адепутатцәа аҳҭнықалақь анахгара ражәалагала иадгылеит.