АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 22:56

Ацәыргақәҵа “Аиаааира акино” аатит Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы.

Аҟәа. Лаҵарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  В.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазкны иаатит  ацәыргақәҵа “Аиаааира акино.”

Аекспозициа иалалеит еиуеиԥшым  атематикатә ҟәшақәа, уахь иаҵанакуеит Ахьӡ-Аԥша Амемориал, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аамҭахәҭа иаҵанакуа акино, асоветтә кино, Урыстәылатәи Афедерациа акино, Аԥсны афырхацәа, арратә операторцәеи афырхацәа-актиорцәеи рзона.

 Ацәыргақәҵа аҿы ицәыргоуп 500 инареиҳаны аекспонатқәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп  амузеитә маҭәарқәа ркопиақәа: афильмқәа рзы аескизқәа, афотоматериалқәа, ахроника, аусшәҟәқәа рыхкьыԥхьқәа.

Аҟәшақәа зегьы афильмқәа рцыԥҵәахақәеи афотоматериалқәеи рыцуп, уи иабзоураны усҟантәи аамҭа агәылахалара еиҳа имариахоит. 

 

 


Read 35 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.