АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Цәыббра.2024

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 16 шықәса ҵит.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ацҳаражәҳәарҭақәа рыҩаӡараҿы адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеижьҭеи 16 шықәса ҵуеит.

«Ари амш аҩтәылак рзы акыр зҵазкуа аҭоурыхтә ҵакы амоуп. Уи иарҵабыргит ҩ-жәларык мҽхакы ҭбаала аусеицура аҿиареи арӷәӷәареи рзы ирымоу агәазыҳәара, Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара астратегиатә еидгылара аусхыр шьҭанаҵеит», – ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра.

Акырзхыҵуа аиҩызара атрадициақәеи аҩганк ирзеиԥшу аинтерессқәеи ирыбзоураны Аԥсни Урыстәылеи 2008 шықәса цәыббра 17 азы анапы зҵаҩыз Аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭреи 2014 шықәса цәыббра 24 азы анапы зҵаҩыз Аиҩызареи астратегиатә еилахәылареи рзы Аиқәшаҳаҭреи налаҵаны аиқәшаҳаҭра-зинтә шьаҭа змоу ганрацәалатәи ҩ-ганктәи аусеицуреи аҳәынҭқаррабжьаратәи аимадарақәеи рыргылара рылшеит.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иазгәанаҭоит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара атәылақәа рыбжьара аинырра ахаҭабзиара ҳарак ахь икылыргеит ҳәа.

«Иахьа ҳара аԥсны-урыстәылатәи аусеицура ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиахоит ҳәа ҳҳәаратәы ҳаҟоуп. Аҳәынҭқаррақәа рыҩбагь иахьа шьаҿа-шьаҿала аҳәынҭқаррабжьаратә, аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны активла аполитикатә еиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит. Аԥсны ԥхьаҟагьы гәҭакыс иамоуп аҩ-ҳәынҭқаррак аинтерес ззеицрымоу аусхкқәа зегьы рырҿиареи арегион аҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәгылара азы  аусеицура арӷәӷәареи.  Агәрагара ҳамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аусеицура ԥхьаҟагьы аҿиара ду шаиуа», - ҳәа иаҳәоит Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аҳәамҭа атекст аҿы.

Аԥсни Урыстәылеи ҩ-ганктәи русеицура аиқәшаҳаҭра-зинтә шьаҭа иаҵанакуеит 100 инареиҳаны адокументқәа, 2008 шықәса цәыббра 17 азы анапы зҵаҩыз Аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭреи 2014 шықәса цәыббра 24 азы анапы зҵаҩыз Аиҩызареи астратегиатә еилахәылареи рзы Аиқәшаҳаҭреи налаҵаны.


Read 91 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.