АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Цәыббра.2024

Цәыббрамза 9 рзы иаатуеит Х Жәларбжьаратәи афестиваль «Пицундатәи аорӷантә хәылԥазқәа».

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 9 – 14 рзы Аԥсны имҩаԥыслоит  Х Жәларбжьаратәи афестиваль «Пицундатәи  аорӷантә хәылԥазқәа». Арҭ амшқәа рзы Пицундатәи ауахәама Аҳәынҭқарратә концерттә зал аҿы иқәгылоит Аԥсны, Белоруссиа, Урыстәыла, Иапониа рҟынтәи еицырдыруа амузыкантцәа.

Цәыббрамза 9, асааҭ 20.00 рзы – Афестиваль «Пицундатәи  аорӷантә хәылԥазқәа» аартра ацеремониа аҿы иқәгылоит  Лука Гаделиа (аорӷан), Кристина Ешба (сопрано), Лиудмила Голуб (аорӷан), Екатерина Мельникова (аорӷан), Валериа Анфиногенова (фортепиано), Наталиа Гольфарб (аорӷан), Маргарита Еськина (аорӷан).

Цәыббрамза 10, асааҭ 17.00 рзы – Наталиа Гольфарби Маргарита Еськинеи;

Цәыббрамза 10, асааҭ 20:00 рзы – Екатерина Мельникова, Лиадмила Голуби Валериа Анфиногеновеи ;

Цәыббрамза 11, асааҭ 17:00 рзы – Владимир Хомиаков (аорӷан), Ирина Розанова (аорӷан);

Цәыббрамза 11, асааҭ 20:00 рзы – Алеқсандр Книазев (аорӷан), Мариа Черепанова (аорӷан);

Цәыббрамза 12, асааҭ 17:00 рзы – Лука Гаделиеи Кристина Ешбеи;

Цәыббрамза 12, асааҭ 20:00 рзы – Алеқсеи Шмитов (аорӷан),  Владимир Невдах (аорӷан);

Цәыббрамза 13, асааҭ 17:00 рзы – Хироко Иноуе (аорӷан), Вероника Кожухарова (асаксофон):

Цәыббрамза 13, асааҭ 20:00 рзы – Елена Кеилина (аорӷан), Регина Штеинман (альт), Сергеи Будкеев (аорӷан);

Цәыббрамза 14, асааҭ 17:00 рзы – Рубин Абдуллин (аорӷан), Алеқсеи Семионов (аорӷан);

Цәыббрамза 14, асааҭ 20:00 рзы – агала-концерт, афестиваль аркра иазку ацеремониа мҩаԥгахоит. 

 

 

 

 

     


Read 95 times - Ахаша, 11 Цәыббра 2024 09:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.