АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Цәыббра.2024

Иашҭхәа ақыҭан ирыԥшааит аус зуаз акриптовалиута арҳара иазку 21 аппарат рыла ишьақәгылаз амаининг-ферма.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аоперативтә ҟәшеиҵақәа аусзуҩцәеи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи Русбарҭеи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәеи еицхырааны имҩаԥыргаз аоперативтә усҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан ирыԥшааит аус зуаз акриптовалиута арҳара иазку 21 аппарат рыла ишьақәгылаз амаининг-ферма, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭақрратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Аус зуаз амаининг-ферма Кесиан В.И ихатәы ҩны азааигәара адгьылҵакыра аҿы ирыԥшааит.

Аконфискациа зызуаз аиқәыршәагақәа рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 737 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, иарбоу ахархәагақәа рхы иадырхәо афымцамч амчхара 63 кВт/с. рҟынӡа инаӡоит. Аппаратқәа рконфискациа мҩаԥгоуп.  

Иарбоу аус азы аматерилқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусҭҵаареи аусеилыргареи рыҟәша ахь идәықәҵоуп.

 


Read 108 times - Амҽыша, 08 Цәыббра 2024 17:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.