Аҵара аминистр актәи ихаҭыԥаҩ арҵаҩцәа руалафаху лаҟуп, урҭ акыр ирныԥшуеит аинфлиациа ҳәа иазгәалҭеит.
«Уажәа ҳара аусура мҩаԥаагоит арҵаҩцәа руалафахәы ала, атарифқәа рсистематизациа апроект ала. Апроект аҿы иара убас иазԥхьагәаҭоуп акласстә напхгара азы ашәатәқәа. Иахьа акласстә напхгара азы арҵаҩы иоуеит 800 мааҭ. Ҳара иаҳҭахуп иазԥхьагәаҳҭарц арҵаҩцәа рзы астимултә шәатәқәа. Ақыҭатәи арҵаҩцәа адгылара рыҭатәуп. Урҭ ақалақь аҿы арҵаҩцәа ироуа аулафахәы иаҟараны ироулароуп. Апроект уажәы афинансқәа Рминистрра ақәыршаҳаҭра астадиа аҿы иҟоуп», -ҳәа илҳәеит Ада Кәарҷелиа.
Уи лажәақәа рыла, арҵаҩцәа мап ацәыркуеит акласстә напхгара, избан акәзар, уи азы даара имаҷны аԥара рызшәахоит, убри аан иазгәаҭатәуп иарбоу аусура даара ишыуадаҩу, акырӡа аҭакԥхықәра шацу. Ас еиԥш аусура азы 5 нызықь мааҭ еиҵамкәа иршәалароуп.
«Акласстә напхгара – ари хазы игоу, акыр аҭакԥхықәра зцу аусура ахкы ауп, уи, раԥхьа иргыланы, ааӡаратә ҟазшьа аҵоуп. Атетрадқәа рыриашаразгьы иақәу аԥара шьҭыхтәуп, иахьа иарбоу аусура ахкы азы ирзыршәо аԥара даараӡа имаҷуп, уи уарыччару, уарҵәыуару узымдыруа аҟынӡа», – ҳәа иазгәалҭеит лара.
Иара убас ареспублика зегьы иахьаҵанакуа иаку арҵаҩцәа рыквалифиациатә категориақәа атарифқәа рышьақәырӷәӷәара азԥхьагәаҭоуп.
«Иахьа урҭ еиуеиԥшым ақалақьқәеи араионқәеи рҿы еиԥшӡам», - ҳәа илҳәеит лара.