АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Цәыббра.2024

Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа мҩаԥысуеит Сҭампыл ақылақь аҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 5 рзы Сҭампыл ақалақь аҿы иаатит аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыгақәҵа.  

Агалереа Barin Han аҿы ицәыргақәҵахеит Адамыр Аршба, Асида Аҳәба, Баҭал Џьапуа, Сабина Кәарацхьелиа, Саида Кәыҵниа, Архип Лабахәуа, Аԥшьа Ҳагба, Диана Хтынҭәба, Асҭанда Чамагәуа, Олег Ҷедиа русумҭақәа .  Ацәыргақәҵа аусура раԥхьатәи амш азы иаҭааит 200-ҩык инарзынаԥшуа аҟазара абзиабаҩцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит акультура Аминистрра.

Ацәыргақәҵа аиҿкаара — Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-дыга жәлар рдиаспора ахаҭарнакцәа Денеф Хәыжәи Сине Ергиуни, Аԥсны акультура Аминистрреи агалереиа AUADA ацхыраарала имҩаԥысит.  

«Ҳара иҳаԥшьыргеит ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса рзы иҟалаз Аԥсны амилаҭтә сахьатә галлереиа маҷк ада зегьы абылра иадҳәалаз  атрагедиатә хҭыс агәалашәара иазкны аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәа амҩаԥгара. Аԥсны зегьы ари атрагедиа ргәаҵанӡа инеит, ҳара ҳгәырҩа ҳацеиҩыршеит Ҭырқәтәылантәи ҳҩызцәеи ҳколлегацәеи. Убас иит ацәыгақәҵа амҩаԥгаразы аидеиа. 10-ҩык аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа      ацәыргақәҵа аҿы усумҭак-усумҭак цәырыргоит – аинсталлиациақәа, аҿыханҵатә усумҭақәа, амҿы иалху аусумҭақәа, акьанџьақәа, аколлажқәа», – ҳәа еиҭалҳәеит асахьаҭыхыҩ Диана Хьыҭәба.

Лара ари ацәыргақәҵа амҩаԥгара алзыршаз Аԥсны акультура Аминистрра иҟанаҵаз ацхыраара, иара убас акураторцәеи аҩызцәеи рҟынтәи ироуз адгылара азы иҭабуп ҳәа лҳәеит. 

Ацәыргақәҵа аартызаауеит цәыббра 19 рҟынӡа


Read 122 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.