АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Цәыббра.2024

Аекономика Аминистрра Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара азы иҟоу аҭагылазаашьа азы адырра ҟанаҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит аҿы аекономика Аминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара азы иҟанаҵаз адырра ркьыԥхьит. Аԥсуа ган азакәанԥҵареи Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵареи реишьашәалара азы аԥхықәра ҳәаақәызҵо ашьақәырӷәӷәаратә усшәҟәны иҟоуп абҵарамза   24, 2014 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьарҵаз аидгылареи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра.

Иарбоу Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 3 инақәыршәаны, аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аидгылареи астратегиатә еиҩызареи рыҿиара ихадоу хырхарҭақәаны иҟоуп:

– акоординациа зызу адәныҟатәи аполитика амҩаԥгара;

– атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы азеиԥш ҵакыра аԥҵара;

– азеиԥш социалтәии аекономикатәи аҵакыра аԥҵара;

– Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара;

– Ареспублика Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа аԥшьгарала, мамзаргьы ацхыраарала ԥыхьатәи Асовет Еидгыла аҵакыра аҿы имҩаԥысуа аинтеграциатә процессқәа рылахәхара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара;

–  азеиԥш культуратә, доуҳатә, агуманитартә ҵакыра аиқәырхара.

 Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷқәа 11, 17, 18, 19, 21 инақәыршәаны, Ареспублика Аԥсны Аиқәшаҳаҭра азинмчы аиура инаркны 3 шықәса иахымгакәа аҳазалхратә ус, абиуџьеттә закәанԥҵара, агәабзиарахьчара, аҵарадырра аусхкқәа рҿы   ахатә закәанԥҵара аишьашәаара иазку аусмҩаԥгатәқәа ркомплекс амҩаԥгаразы аԥхықәара адлоит.  

Ԥхынҷкәынмза 4, 2014 шықәса рзы Ареспублика Аԥсны Ахада Р.Д.Ҳаџьымба атәыла аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рахь хыхь иарбоу Аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭо анормақәа рынагӡара иазку аусмҩаԥгатәқәа рыпланқәеи аиқәшаҳаҭрақәеи реиқәыршәаразы анапынҵақәа ҟаиҵеит. Аԥсуа ган аԥхықәрақәа рынагӡара ахылаԥшра аҭара адҵан Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра.

Жьҭаарамза 08, 2015 шықәсазы аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз Ақәҵара №136  ала Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷқәа рынагӡара азы азинмчы змоу аусбарҭақәа шьақәыргылан (Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, атәылахьчара Аминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, афинансқәа Рминистрра, агәабзиарахьчара Аминистрра, аҵарадырра Аминистрра, Аџьеи аусзкреи асоциалтә политикеи Рминистрра).

Жьҭаарамза 31, 2019 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада Р.Д.Ҳаџьымба цәыббрамза 17, 2008 шықәса рзы Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи наҟ-ааҟтәи русеицуреи реицхыраареи рзы ирыбжьаҵаз  аидгылареи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 23, абҵарамза  24, 2014 шықәсазы аҩ-ҳәынҭқаррак ирыбжьарҵаз аидгылареи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 11 рынагӡаразы иҭижьыз Ақәҵара №401-рп инақәыршәаны, аминистрцәа Реилазаара Урыстәылатәи Аган алархәны, Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәылауаҩратәи ашәахтәи азакәанԥҵарақәа, ауааԥсыра рсоциалтә хьчареи атәанчахәытә еиқәыршәареи рзы азакәанԥҵара уахь иналаҵаны анхамҩатә усура ҳәаақәызҵо азакәанԥҵара аунификациа азы Апрограмма аиқәыршәареи анагӡареи, иара убас аҳазалхратә ус аганахьала  Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵареи Евразиатәи аекономикатә Еидгылара азин шьақәзыргыло аҳазалхратә усеиҿкаара аусхкы иаҵанакуа актқәеи, иарбоу азин ала иҭышәнтәалам ахәҭа аҿы – Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵареи реишьашәалара азы адҵа ҟаҵоуп.  

Ԥхынҷкәынмза 9, 2019 шықәса рзы Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аминистрра Ареспублиа Аԥсны аԥыза-министр В.Р.Бганба ихьӡала Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵареи Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵареи (актәи аетап) реишьашәалара ашьаҭала (анаҩс азакәанԥҵарақәа реишьашәалара Апрограмма) Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Аԥсни рыбжьара азеиԥш социал-економикатә ҵакыра ашьақәыргылара Апрограмма (46 пункт рыла ишьақәгылоу, зынагӡара аҽҳәара 2020-2021 шш. ирҭагӡоу) апроект дәықәнаҵеит.

Азакәанԥҵарақәа реишьашәалара Апрограмма апункт 1 иазԥхьагәанаҭон аиқәшаҳаҭра иарбаз урыстәылатәи Аган аԥхықәрақәа рынагӡара, егьырҭ 45 пункт – ҩ-ҳәынҭқаррак ирзеиԥшу асоциал-економикатә ҵакыра ашьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны  Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара иашьашәалоу Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵара аиқәыршәареи адкылареи рзы  аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иазкуп.  (Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 3). 

Иарбоу аусмҩаԥгатәқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан  абарҭ аиҭакрақәеи анорма-зинтә шәҟәынҵақәеи азакәанԥҵарақәеи реиқәыршәареи рыдкылареи ирыдҳәалоу апунктқәа:

– нанҳәамза 11, 2017 шықәса рзы ирыдыркылаз «Афымцамч азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан №4478-с-VI Ареспублика Аԥсны иҟоу афымцацәаҳәақәа Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә мазараны иҟоуп, априватизациа иаҵанакӡом ҳәа изҳәо ахәҭаҷқәа аиҭакрақәа ралагалара;

– урыстәылатәи абанкқәа-акредиторқәа акредит агара азы аиқәшаҳаҭрақәа рыла акредит згаз, аха ианаамҭоу измыргьежьуа ауал рымхреи Ареспублика Аԥсны иҟоу шасыс иааныжьу амазара аганахьала аҽԥынкылара аҟаҵареи азин рызҭо анорма-зинтә шәҟәынҵақәа;    

– урыстәылатәи атәылауаа рыла еиҭамҵуа амазара аахәаразы ақәиҭымтәра аԥыхра азы Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵара.

Ԥхынҷкәынмза 18, 2019  шықәса рзы имҩаԥысыз Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа  18-тәи аилатәара апкаанҵа ала  Аԥсуа ган Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵареи Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵареи реишьашәалара ашьаҭала Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Аԥсни рыбжьара азеиԥш социал-економикатә ҵакыра ашьақәыргылара азы аҭакԥхықәра ахахьы иагеит.

Ԥхынгәымза 23, 2020 шықәса рзы Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аминистрра  ԥхынҷәынмза    9, 2019 шықәса рзы иааннашьҭыз ашәҟәы аҭак аҳасабала Аԥсны аԥыза-министр А.З.Анқәаб ила Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаа  иаԥну аҵакыраҿы аусеицура азы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа ахь, ахәҭакахьала, аенергетика аусхкы, еиҭамҵуа анхаратә мазара аҭира, акредиттә еиқәшаҳаҭрақәа рыла ауалқәа рымхра, уҳәа аусхкқәа рҿы азакәанԥҵара аиҭакрақәа ралагалара азҵаарақәа рыла  Апрограмма апунктқәак иназыцҵоу ақәыршаҳаҭрақәа рымҩаԥгара ахымԥадатәра атәы зҳәоз ашәҟәы дәықәиҵеит.

Нанҳәамза 12, 2020 шықәса рзы Ареспублика Аԥсны Ахада Иусбарҭа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь урыстәылатәи аган ала зыдгалара мҩаԥгаз азакәанԥҵарақәа реишьашәалара Апрограмма апроект дәықәнаҵеит.    

Жьҭаарамза 14, 2020 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра Ареспублика Аԥсны Ахада ихьӡала убасҵәҟьа аенергетика аусхкы, еиҭамҵуа анхаратә мазара аҭира, акредиттә еиқәшаҳаҭрақәа рыла ауалқәа рымхра азҵаарақәа злоу 46 пункт рыла ишьақәгылоу азакәанԥҵарақәа реишьашәалара Апрограмма апроект ааннашьҭит. Аиқәыршаҳаҭрақәеи аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи апроцедурақәеи рылҵшәақәа рыла 2021 – 2023шш. азакәанԥҵарақәа реишьашәалара Апрограмма 45 пункт рыла ишьақәыргылан.  Араҟа иалган анхарҭатә еиҭамҵуа амазара аҭира азҵаара иадҳәалоу апункт, убри аан аенергетика азы апункт, даҽа редациак ала еиқәыршәан,  уи урыстәылатәи афымцацәаҳәатә еилазаарақәа ринвестициақәа ралагалареи афымцацәаҳәатә инфраструтура амодернзациеи афымцамчтә шәарҭадара ашьақәыргылареи   ҳәаақәызҵо Ареспублика Аԥсны азакәантә шәҟәынҵақәа реиқәыршәареи рыдкылареи азԥхьагәанаҭон.

Имҩаԥгаз аусура аихшьаалақәа рыла Азакәанԥҵарақәа реишьашәалара Апрограмма анапаҵыҩра мҩаԥган абҵараза 12, 2020 шықәса рзы, иагьышьақәыррӷәӷәан ԥхынҷкәынмза,  2020 шықәсазы Анапхгарабжьаратәи акомиссиа ала.

Абҵарамза 23, 2020 шықәсазы  азакәанԥҵарақәа реишьашәалара Апрограмма Ареспублиа Аԥсны Ахада ила Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь идәықәҵан.  

Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵареи Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵареи реишьашәалара ашьаҭала Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Аԥсни рыбжьара азеиԥш социал-економикатә ҵакыра ашьақәыргылара Апрограмма анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, 2020 – -2023 шш. иазԥхьагәаҭаз 45 пунк рҟынтәи зынӡа инагӡоуп 26 пункт.

Жәабранмза, 2024 шықәсазы 2024-2025 шш. азакәанԥҵарақәа реишьашәалара Апрограмма (2-тәи аетап) шьақәырӷәӷәан. Уи иалалеит инагӡамыз апунктқәа, иара убас урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рыла Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа аинвестициатә проектқәа рынагӡара азы Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи Ареспублика Аԥсны Анапхгареи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩреи анаҩстәи уи аратификациеи рзы аусмҩаԥгатәқәа.   

Аҩ-программак рыла ишьақәырӷәӷәаз аусмҩаԥгатәқәа рҟынтәи  иазыԥҵәаз аҽҳәара иҭагӡаны инагӡамыз апунктқәа иадҳәалоуп:

– Рашәарамза 29, 2022 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Аԥсни ирыбжьарҵаз аекономикатә усқәа рзы аӡбаратәии арбитражтәии аӡбамҭақәа разхаҵареи рынагӡареи рзы Аиқәшаҳаҭра аратификациа;

– урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рыла Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа аинвестициатә проектқәа рынагӡара азы Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи Ареспублика Аԥсны Анапхгареи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩреи анаҩстәи уи аратификациеи.                    

 

 

 

 

 

 


Read 121 times - Асабша, 07 Цәыббра 2024 18:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.