АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Цәыббра.2024

Аԥсны афинансқәа Рминистрра: УА ихадоу акатегориақәа ирыҵанакуа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа руалафахы ашьҭыхразы аицфинансыркра амҩаԥгаразы иааннашьҭуаз афинанстә цхыраара ааннакылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 1 инаркны Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ахахьы иагаз аԥхықәрақәа рыхәҭак ишьақәырӷәӷәаз аҽҳәарақәа ирықәыршәаны инагӡамызт ҳәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны Аԥсны ианаҭоз афинанстә цхыраара ахәҭак ааннакылеит.

Уажәазы Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара, аҵарадырра, анаука, акультура, аспорти ауааԥсыра рсоциалтә маҵзуреи, уҳәа аусхкқәа рҿы ихадоу акатегориақәа ирыҵанакуа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа руалафахы ашьҭыхразы аицфинансыркра амҩаԥгаразы иааннашьҭуаз афинанстә цхыраара ааннакылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны афинансқәа Рминистрра.

***

Абиуџьеттә усхкы аҿы аус зуа хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа аусзуҩцәа руалафахы ашьҭыхразы аицфинансыркра амҩаԥгаразы Урыстәылатәи Афедерациа иааннашьҭуаз афинанстә цхыраара азы Аԥсны афинансқәа Рминистрра иҟанаҵо аинформациа.

Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациа ахарџь ала Аԥсны агәабзиарахьчара, аҵарадырра, анаука, акультура, аспорти ауааԥсыра рсоциалтә маҵзуреи, уҳәа аусхкқәа рҿы ихадоу акатегориақәа ирыҵанакуа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхразы аицфинансыркра амҩаԥгаразы мшаԥымза 14, 2015 шықәса рзы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра азинмчы аиуит 2016 шықәса рзы. Уи хыхь иарбоу акатегориақәа ирыҵанакуа аусзуҩцәа урыстәылатәи афинанстә цхыраара аҳасабала руалафахәы ашьҭыхра амҩаԥгара аԥҟарақәа   шьақәнаргылоит.

2016 шықәса инаркны Аԥснытәи  аган ахатә ԥаратә хархәагақәа рыла 2014 шықәсазы ишьақәыргылаз ауалафахәы ахышәа-ҵышәа инақәыршәаны асоциалтә усхкы аусзуҩцәа руалафахәы рызшәара мҩаԥнагоит. Анаҩстәи ауалафахәы ашьҭыхра аетапқәа зегьы аицфинансыркра аҳасабала имҩаԥысуеит.

2022 шықәсазы Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа алагалан. Урҭ инарықәыршәаны аулафахәы ашьҭыхра азы аицфинансыркра ахышәа-ҵышәа шьақәгылон Аԥсуа ган азы 2022 шықәсазы – 15%, 2023 шықәсазы – 35%, 2024 шықәсазы – 70%, иара убас 2025 шықәсазы – 85%. Убри аан, иарбоу ахықәкқәа рзы 2021 шықәсанӡа иазоужьхоз урыстәылатәи афинанстә цхыраара азеиԥш еицҵалыҵ 1,3 млрд. мааҭ абазатә рбага аҳасабала иаанхоит. Анаҩстәи ауалафахәы ашьҭыхра иарбоу ашықәсқәа – 2022, 2023, 2024 2025 рыбжьара  аусзуҩцәа руалафахәы ашәара афондқәа 2021 шықәсазтәи ауалафахәы афонд иаҿырԥшны ицәырҵыз аивгара аҳасабала ишьақәыргылаз апроцентқәа рыла иҳәаақәҵахоит. Убас ала, аицфинансыркра ауалафахәы ашәара афонд зегьы азы акәымкәа, ауалафахәы ашьҭыхра ахышәа-ҵышәа азы ишьақәыргылаз апроцентқәа рыла мацара имҩаԥысуеит. 

Абҵарамза 24, 2014 шықәсазы Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьарҵаз аидгылареи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра ала асоциалтә усхкы аҿы аус зуа хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа аусзуҩцәа руалафахәы ашәара азы Урыстәылатәи Афедерациа аԥаратә хархәагақәа рыла аицфинансыркра азы Урыстәылатәи аган аҭакԥхықәра азԥхьагәаҭоуп. Убри аан Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷқәа инарықәыршәаны, аицфинансыркра амҩаԥгара азы аԥҟарақәа хазы игоу Аиқәшаҳаҭра ала ишьақәырӷәӷәазароуп.

Нанҳәамза 4, 2022 шықәса рзы  2022-2025 шш. рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара азы ишьақәырӷәӷәаз Аҳәынҭқарратә Программа анагӡаразы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи уи анагӡараҿы ацхыраара аҟаҵаразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.   Иарбоу Аиқәшаҳаҭра ахықәкы хадас иамоуп Урыстәылатәи Афедерациа Ареспублика Аԥсны 2022-2025 шш. рзы асоциал-економикатә ҿиара азы Аҳәынҭқарратә Программа анагӡара аҿы ацхыраара аҭара, Апрограмма ала иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациа хазы игоу ахарџьтә ԥхықәрақәа рынагӡареи рзы аицфинансыркра амҩаԥгара азы зыргьежьра аҭахым афинанстә цхыраарагьы уахь иналаҵаны.   

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, урыстәылатәи Аган уи анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Апрограмма ала  иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа, иара убас егьырҭ Аиқәшаҳаҭра иарбоу ахарџьқәа реицфинансыркра анагӡара азы аԥхықәра ахахьы иагоит. Ареспублика Аԥсны аԥхықәрақәа иреиуоуп  2014 шықәсазы аҩ-ҳәынҭқаррак ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны ишьақәыргылоу аишьашәалара Апрограмма анагӡара алыршара.  

Хыхь иарбоу Аиқәшаҳаҭра апункт 5.1 ишарбоу ала, урыстәылатәи Аган аишьашәалара Апрограмма анагӡаралагьы уахь иналаҵаны, аԥхықәрақәа рынамыгӡара аҭыԥ аиузар, афинанстә цхыраара ахархәагақәа ахәҭак, мамзаргьы зынӡа аанкылара азин амоуп. Уажәазы Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара, аҵарадырра, анаука, акультура, аспорти ауааԥсыра рсоциалтә маҵзуреи, уҳәа аусхкқәа рҿы ихадоу акатегориақәа ирыҵанакуа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа руалафахы ашьҭыхразы аицфинансыркра амҩаԥгаразы иааннашьҭуаз афинанстә цхыраара ааннакылеит.

 

 

 

 

 

 


Read 132 times - Асабша, 07 Цәыббра 2024 10:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.