АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Цәыббра.2024

Константин Затулин Урыстәыла Аԥсны афинанстә цхыраара загнархаз атәы далацәажәеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Евразиатә аинтеграциеи аџьынџьуаа рымадареи Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәеи  рзы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ  Константин Затулин Урыстәыла аԥснытәи арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, амчратә структурақәа русзуҩцәа рсоциалтә шәатәқәа ршәара аанкылара азы аӡбамҭа аԥхықәрақәа рынамыгӡара иадиҳәелеит.

«Газета.Ru» еиҭаз аинтеривиу аҿы  адепутат ареспублика Апарламент аҿы аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ирԥырхагахар зҭаху ауаа ыҟоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.  

«Акыр аамҭа рыҩныҵҟа Аԥсны Апарламент азакәанԥҵара аишьашәалара иадҳәалоу аԥхықәрақәа рынагӡара иацәхьаҵуеит. Иаагозар, арбитражтә ӡбарҭақәа риусдикциа азханаҵаӡом. Уи азы аусшәҟәы Апарламент аҿы ишьҭаоуп, аха адепутатцәа апопулисттә гәалаҟазаарақәеи иара апарламенттә корпус  аҩныҵҟа иҟоу џьоукы  имҩаԥырго Урыстәыла аганахьала агәрамгаратә кампаниеи рықәыӷәӷәара иахҟьаны аӡбамҭа рыдыркылаӡом. Сара иахьынӡаздыруа, уи зыдҳәалоу убри мацара ауп. Егьирахь, сара ишеилыскаауа ала, анаҩстәи аиҿцәажәарақәеи аилацәажәарақәеи рыпроцесс аҿы иҟоуп», — ҳәа иҳәеит Константин Затулин.

Уи иара убас игәаанагарала, аԥснытәи Апарламент аҿы иҟоу «активра злоу апарламенттә еилазаара аиҵара» Урыстәыла аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара иаҿагыланы акампаниа мҩаԥыргоит, уи ареспублика асуверенитеттә зинқәа рырмаҷра ацуп ҳәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

«Аԥсны ауаа ацәгьеи абзиеи ирзеилмыргозар, ииашоу ииашами рзеиҩымдыраауазар, усҟан, жәаҳәарада, еиуеиԥшым агәаанагарақәа ҟалар алшоит.  Сара даара агәра ганы сыҟоуп ауаа еилыркаап ҳәа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҿы ахара зду. Ҳара шықәсқәак ирылагӡаны Пицунда аҳәынҭқарратә дача иадҳәаланы акырӡа иламысдаз акампаниа ҳахысхьеит. Ари акампаниа рхы иархәаны аӡәырҩы аполитикцәа рреитинг ашьҭыхра рҽазыршәеит, убри аан урҭ зынӡа иазымхәыцӡеит Урыстәылеи Аԥсни шеимадоу, Аԥсны аусхкқәа зегьы рыла Урыстәыла адгылара ада ԥсыхәа шамам.  Иҟоуп хыԥхьаӡарала еиҳа имаҷзаргьы, аха убри аан Аԥсны асуверенитет армаҷра аҵоуп ҳәа агәаанагара аарԥшуа активла Аԥсни Урыстәылеи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара иаҿагыло. Арҭ ауаа аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа иаԥырхагоуп, Аԥсны ауааԥсырагьы уи атәы рдыруазар ахәҭоуп, еилыркаауазароуп араҟа иҟоу аус изхароуи изхарами ртәы», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит адепутут.

Константин Затулин Урыстәыла аус ацура аҿагылара иазку акампаниа аҳәаанырцәтәи анапхгареи аҳәаанырцәтәи агрантқәеи рыла имҩаԥысуеит ҳәа  иазгәеиҭеит.

«Сара  сызлахәаԥшуа ала, Аԥсни Урыстәылеи – ари аидгыларатә ҳәынҭқаррақәа роуп, уи дырҵабыргуеит ирыбжьарҵахьоу аҳәынҭқаррабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа. Сара иазгәасымҭар алшаӡом даҽакгьы, Аԥсны аблогосфера аҿы аҳәаанырцәтәи агранқәагьы уахь иналаҵаны, еиуеиԥшым ахԥатәи асектор аиҿкаарақәа  рықәыӷәӷәарала Урыстәылеи    Аԥсни ирыбжьу аизыҟазаашьақәа рҵыршәшәаара иазырхәоу акампаниа мҩаԥысуеит.  Урҭ аперсонажцәа еилкаауп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Апарламент адепутатцәагьы. Даҽазныкгьы исҳәоит, урҭ рхыԥхьаӡара аиҳара рахь иаҵанакӡом, аха урҭ ишаабаз ала, аиҳараҩык ргәаанагара анырра аҭара рылшоит. Аиҳараҩык ҳәа иҟоу ракәзар, урҭ агәаӷьра, ахьаҳәхьачарадара рзаарԥшуам, иҟоу аҭагылазаашьа иаццоит. Сара сгәаанагарала, уажәы Урыстәыла иаднакылаз  аӡбамҭа урҭ рхаҿы рыхшыҩ аанагароп, еилыркаароуп анаҩсгьы ҳаиқәшаҳаҭрақәа хырҩа арҭо иалагар, уи хра злоу акахьы ишкылнамго», — ҳәа изгәеиҭеит иара.

Уаанӡа ишеилкаахаз ала, Урыстәыла, цәыббрамза 1 инаркны Аԥсны афинанстә цхыраара ахәҭакахьала аианнкылеит. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ашәатәқәа раанкылара иаҵанакит арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, амчратә структурақәа русзуҩцәеи егьырҭ акатегориақәеи.  

Сергеи  Шамба аҳәамҭа ҟаиҵеит «Урыстәылатәи Афедерациа  Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы  ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи реилацәажәара апкаанҵа» ҳәа хыс иаманы асоциалтә ҳақәа аԥснытәи асегмент аҿы аусшәҟәы анцәырҵ ашьҭахь. 

Аилатәара апкаанҵа инақәыршәаны,  Урыстәыла акоммерциатә еиҭамҵуа амазара аџьармыкьа аҿы урыстәылатәи аинвесторцәа рзы аԥкрақәа раԥыхра, наҟ-ааҟтәи аӡбаратәи арбитражтәи азыӡбақәа разхаҵара азы аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара, иара убас урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рыла Аԥсны аинвестициатә проектқәа рынагӡара азы аҽадцалара  аарԥшуа азҵаарақәа  ықәныргылоит.  

 

https://www.gazeta.ru/politics/news/2024/09/04/23847853.shtml

 

 

 

 

 

 


Read 133 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.