АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Цәыббра.2024

Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Альберт Тополиан иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адышшылара ҟарҵоиит.

Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент зыԥсҭазаара иалҵыз Альберт Гаспар-иԥа Тополиан иуацәеи иҭынхацәеи ироуз агәырҩа инамаданы ирыдышшылоит. 

«Иԥсҭазаара далҵит, адепутат, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент I ааԥхьара (1991–1996 шш.), Аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс иҟаз, зыхьӡ ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоу, иналукааша аҳәынҭқарратә ауаажәларра-политикатә усзуҩ.

Альберт Гаспар-иԥа Тополиан Аԥсны апатриот иаша иакәын, уи иара ламысцқьала инаигӡоз ганарацәалатәи иусура ианыԥшуан. Еиеиԥшым ашықәсқәа рзы иааникылоз аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи  амаҵзурақәа рҿы иара аԥышәа змоу анапхгаҩы, аиҿкааҩ, иреиӷьу    ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәеи активтә ԥсҭазааратә позициеи змоу, иҩызцәа, иколлегацәа, уҳәа рҿы ҳаҭыр-пату зқу  ауаҩы аамсҭашәа иаҳасабала ихы ааирԥшуан. 

Альберт Гаспар-иԥа Тополиан Аԥснытәи  аерманцәа еидызкыло акультура-гәыҳалалратә еилазаара «Крунк» аԥҵаҩыси ахантәаҩыси, дыҟан,  1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аан амаршал И. Х Баграмиан ихьӡ зху аерманцәа рбаталион аиҿкааҩыс дыҟан.

Альберт Гаспар-иԥа Тополиан ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рус аҿы хәызмаӡам илагала азы иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа, «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара аорден ианашьан, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵан, Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аҳаҭыртә шәҟәы ианашьан.

Альберт Гаспар-иԥа Тополиан ихьӡ наунагӡа ҳтәыла аҭоурых адаҟьақәа ирнылоит», - ҳәа иаҳәоит адышшыларатә шәҟәы аҿы. 

 

 


Read 135 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.