АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Цәыббра.2024

Аслан Бжьаниа Альберт Тополиан иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа есцырдыруа ауаажәларра-политикатә усзуҩ, Аԥсны Афырхаҵа Альберт Тополиан иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.

«Ахә ашьара уадаҩуп Альберт Гаспар-иԥа Тополиан ҳҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рус аҿы, ауаажәларра рыҩныҵҟа амилаҭбжьаратәи аҭышәынтәалара аиқәыхара аҿы илагала. Иара Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба дарӷьажәҩаны дивагылан, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Комитет анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Иара иаԥшьгарала аиԥҵаз, амаршал И.Х.Баграмиан ихьӡ зху абаталион аибашьцәа хьыӡла-ԥшала Аԥсадгьыл ампыҵахалыҩ иҟынтәи ирыхьчон.  

Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа раан Альберт Гаспар-иԥа Тополиан Аԥсны аҭынч ԥсҭазаара ашьақәгылара аус  активла далахәын, еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рҿы аус иуан. Иара иԥсҭазаара зегьы – Аԥсадгьыл амаҵзура иазикит.

Аԥсны апартриот иаша, ауаҩ бзиа Альберт Гаспар-иԥа Тополиан игәалашәара лаша наунагӡа иҳацзаауеит», - ҳәа иаҳәоит адышшыларатә шәҟәы атекст аҿы.

 

 


Read 105 times - Ахәаша, 06 Цәыббра 2024 17:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.