АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Цәыббра.2024

Очамчыра Гагрантәи ҳамҭас иаиуит иҷыдоу агәамсам ықәызго атехника.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион  Ахадара Очамчыра ақалақь ҳамҭас ианаҭеит иҷыдоу агәамсам ықәызго атехника. Афункциарацәа назыгӡо афымцамобил еихаҵәиуа арыцқьагақәеи  зымчхара дуу асабеизгагеи рыла еиқәыршәоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит  «Очамчыра-информ».

Иарбоу афымцамобил аҿы иара убас ишьақәыргылоуп: акаҭран ақәыӡәӡәаареи аҵиаақәа аӡы рхьыршареи рзы «аӡхьыршага», иара убас «аӡыршәбзарбзан». Иҷыдоу атехника ацыԥхақәа рыҭара иазкыз агәырӷьаратә церемониа мҩаԥысит Гагра ақалақь аҿы.

«Ҩ-машьынак Гагра ақалақь аҿы иаанхоит, акы ҳара Очамчыра ақалақь ҳамҭас иаҳҭоит. Иазгәоумҭар залшаӡом Очамчыра араион атуристтә регион аҳасабала хра злоу аҿиара шыҟоу. Уи даараӡа ҳаигәырӷьоит. Гагра аринахысгьы Очамчыра араион аҿиара ахы аланархәлоит. Ҳара ацхыраара ҳазхиоуп. Зегьы ақәҿиарақәеи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаҳшьоит»,  – ҳәа иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цишба.

Ахәҭакахьала, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа гаграа иҭабуп ҳәа реиҳәеит ас еиԥш хәызмаӡам аҳамҭа азы:

«Ари атехника ҳара иаҳҭахны ҳаҟеижьҭеи крааҵуан, избан акәзар ҳаргьы амшын аԥшаҳәа аиқәыршәазааареи аҭеиҭыԥш арҽеиреи хықәкыс иҳамоуп. Уи шьҭарнахыс еиҳа напы адкыланы иҟалоит. Шәара даара иԥшӡоу аԥшаҳәа шәымоуп, ҳаргьы ҳазҿыԥшыша ҳамоуп ҳуааԥсыра рыԥсҭазаашьа аиӷьтәра азы», – ҳәа иҳәеит Беслан Бигәаа.

Гагра араион Ахадара араион абиуџьет ахарџь ала аԥсага-машьынақәа хԥа аанахәеит, руакы Очамчыра араион ҳамҭас ианаҭеит.


Read 96 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.