Аӡы Хәаԥ ақыҭантәи аӡымҩангагала иаалоит, уи аӡеиқәыршәара иадҳәаланы шықәсырацәа инеиԥынкыланы иҟаз апроблема аӡбараҿы акырзҵазкуа шьаҿаны иҟалоит.
Уаанӡа иҟаз, 60–70-тәи ашықәсқәа рзы иргылаз аӡеизакырҭақәа ԥхасҭахеит, урҭ акыр ҵуеит реиҭашьақәыргылара мҩаԥырымгеижьҭеи. Ажәытә аӡеизакырҭақәа реиҭашьақәыргыларақәа ауӡом аҟынтәи 300, 500 кубометра зкуа аҿыцқәа рыла иԥсаххоит. Акы ахыӷәра зегьы ԥсахуп, егьи — ахәҭак. Ақыҭа ахада Анатоли Аиба ишазгәеиҭаз ала, уаанӡа Отҳара х-ҳаблак еимданы ҩымш-хымш рахьтә знык аӡы рырҭон, акыр аамҭа аҩныҵҟа араҟа иҟаз ӡыла аиқәыршәара аганахьала аиԥҟьарақәа ирыхҟьаны, ақыҭауаа аӡы ашәырақәа аахәаны аӡы еизыргар акәхон.
Русҭам Цәеиба напхгара зиҭо анардкыларатә еиҿкаара «Строймонтаж 2» аӡеизакырҭақәа шьаҭанкыла реиҭашьақәыргылара иалагеит. «Аҿаҵаҩыс иқәгылоуп Ареспублика Аԥсны шьаҭанкыла аргылара азы Аусбарҭа, афинансыркра мҩаԥысуеит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.
«Уаҵәы аҭыӡқәа аҭарҭәара иалагоит, абитон анаҩс адгьыл жны аусурақәа мҩаԥган. Аӡеизакырҭа иаакәыршан аӡымҩангагатә цәаҳәақәа ԥсахуп, аҵеиџьқәеи ашәаҳагақәеи рҿыцуп», - ҳәа иҳәеит анардатә еиҿкаара аусбарҭа аиҳабы Рустам Цәеиба.
Рустам Цәеиба иара убас аусурақәа цонаҵы аамҭала ақыҭауаа Хәаԥынтәи ишашоу амагистрал хада иадҵоу аӡымҩангага ала аӡы роуеит ҳәа адырра ҟаиҵеит. Аусурақәа хацыркын ԥхынгәымза 2 рзы, урҭ рхыркәшара цәыббрамза анҵәамҭазы иазԥхьагәаҭоуп.
Ақыҭа ахада Анатоли Аиба Аҳәынҭқарра Ахадеи атәыла Анапхгареи иарбоу апроект анагӡара зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит ари хра злоу аус азы. «Ари шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара – жәашықәсала ҳаззыԥшыз хҭысуп. Арҽеиратә усурақәа рышьҭахь, ақыҭаҟны инхо 357 ҭӡы аӡы азын ирымоу ауадаҩрақәа аԥыххоит. Агәыӷра ҳамоуп, шьҭарнахыс ақыҭауаа есыҽны аӡы шроуло, урҭ рыԥсҭазаара акыр ишеиӷьхо азы», — ҳәа иҳәеит Анатоли Аиба.